Print this page
вчера 16:19

Дамеи Аҩӡба: «Амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара – уи алахәылацәа зегьы ирҭакԥхықәроу усуп».

Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аҳәынҭқарратә автоинспекциа Аусбарҭа аиҳабы Дамеи Аҩӡба амашьынарныҟәцаҩцәа рахь амҩатә ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц, урҭ еиларымгаларц, амҩаҿы иахьынӡауа ала агәҽанызаара аадырԥшларц  азы ааԥхьара ҟаиҵеит.  Иара амашьына арццакра арежими атранспорттә хархәагақәа рыбжьазаареи аҟәныҟәара иаҵоу аҵакы ахадара  инаҵшьны иазгәеиҭеит.  

Астатистикала, амашьына арццакреи атранспорттә хархәагақәа рыбжьазаареи арежим аилагара ауп аиҳараӡак амҩа-транспорттә машәыртә хҭысқәа зыхҟьо.

«Амашьына арццакреи атранспорттә хархәагақәа рыбжьазаареи арежим нашәыгӡала. Амҩаҿы иҟоу аҭагылазаашьақәа ирықәымшәо амашьына арццакра алхра, арццакра арежими амашьынақәа рыбжьазаара рзы иҟоу аԥҟарақәеи реилагара, астатистика ишаҳнарбо ала, аиҳарак амҩатә машәырқәа зыхҟьо ауп.   Шәааԥсаны, мамзаргьы шәгәы рахәымкәа  шәшыҟоу ахаангьы амашьына аԥсҟы шәымкын. Ижәдыруаз, иџьбароу арыжәтәи артранспорттә хархәагақәеи – ари иузеидымкыло еилкаарақәоуп. Амашьына аԥсҟы анышәкуа излауа ала агәҽанызаара аашәырԥшла, амҩа шәанықәу ҭелла шәымцәажәалан, шәышиашоу шәымҩахь шәыԥшла, – ҳәа иҳәеит иара.

Ҷыдала иазааҭгылан амашьынақәа рыргылара аԥҟарақәа, ахәҭакахьала, аиҳарак аныҟәара активра ахьыҟоу аҳҭнықалақь аҿы.

«Ҷыдала иазгәасҭарц сҭахуп амашьынақәа рыргылара аԥҟарақәа рықәныҟәара ахьынӡахымԥадатәиу, аиҳарак аҳҭнықалақь аҿы. Араҟоуп аиҳарак ирацәаны амашьынақәа рныҟәареи рхыԥхьаӡара арацәареи ахьыҟоу. Амашьынақәа рыргылара аԥҟарақәа реилагара амҩақәа рҿы аиԥынгылара цәырнагоит, мҽхакы ҭбаала аиԥынчылара, уи зегьы ааизакны аҳҭнықалақь аҿы аныҟәара аколлапс ахь инанагоит», – ҳәа иазгәеиҭеит Дамеи Аҩӡба.

Уи иара убас ашьапыламҩатә бжьысырҭақәеи урҭ рҟынӡа 5 метрак унеиаанӡа, ишәарҭоу ахаҵәирҭақәа рааигәара, амаршруттә транспорттә хархәагақәа раангыларҭақәа рҟынтәи 15 метра инарзынаԥшуа амашьынақәа рыргылара,  иара убас амҩаргәы ангылара, егьырҭ амашьынарныҟәцаҩцәа рзы асветофор абареи амҩатә дыргақәа рбареи, насгьы егьырҭ атранспорттә хархәагақәа рыиасра зыруадаҩуа  амашьынақәа рыргылареи, егьырҭ азин ахьыҟам аҭыԥқәа рҿы рмашьынақәа раанкылареи шыҟамло инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара – уи алахәылацәа зегьы ирҭакԥхықәроу усуп. Аԥҟарақәа рықәныҟәара дарбанызаалак изы ашәарҭадара иазкуп», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Дамеи Аҩӡба.

 

 

 


Read 39 times - Ахәаша, 11 Ԥхынгәы 2025 08:28