Print this page
10.Ԥхынгәы.2025

Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои Аҟәеи Шәачеи рыбжьара амшынтә еимадара ашьақәыргылара иалацәажәеит.

Аҟәа. Ԥхынгәынгәымза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Афедералтә иҳәынҭқарратәу аунитартә наплакы «Урысмшынбаӷәаза» Азов-Амшынеиқәатә филиал адиректор Анна Фоменкои злахәыз анҭыҵтәи аилацәажәара мҩаԥысит.

Аилацәажәараҟны тема хадас иҟалеит Аҟәеи Шәачеи рыбжьара иааиԥмырҟьаӡакәа амшынтә еимадара ашьақәыргылара.

Аганқәа Аԥсны аҳҭнықалақьи урыстәылатәи акурорти рыбжьара иҭышәынтәалоу зхархәара мариахо атранспорттә еимадара аиҿкаара ахкқәа ирылацәажәеит

Ари аԥшьгара иалацәажәеит еиҳа инарҭбаау атранспорттә интеграциа астратегиа ахәҭаки  Аԥсны атуристтә лшара арҿиареи раҳасабала. Ари азҵаара иаҵанакуеит алогистикеи, абаӷәазатә инфраструктуреи, апроект анапхгареи.

 

 

 


Read 91 times