Print this page
вчера 2:40

Аԥсны атәанчаҩратә Фонд атәанчаҩратә шәҟәҭагалара азы Апрограмматә еиқәыршәара аԥҵара азы аконкурс рыланаҳәоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атәанчаҩратә Фонд рашәарамза 10, 2024 шықәсазы ирыдыркылаз  «Ихымԥадатәиу атәанчаҩратә ԥгаԥса асистема аҿы ахатәы (аперсоналтә) шәҟәҭагалара азы» Ареспублика Аԥсны Азакәан Nº5966-с-VII ахь апрограмматә еиқәыршәара анагӡара иадҳәалоу аусурақәа рынагӡаразы 2025 шықәсазы аиқәшаҳаҭра абжьаҵаразы азин аиуразы иаарту аконкурс амҩаԥгара рыланаҳәоит.  

Атәанчаҩратә Фонд аконкурс алахәхаразы ааԥхьара рнаҭоит апрограмматә еиқәыршәара аусхкы аҿы зыквалификациа ҳараку аспециалистцәеи аиҿкаарақәеи.

Аконкурс алахәхаразы азыҳәамҭақәа рыдыркылоит, азыҳәамҭақәа рыҭара аԥҟарақәа рзы адыррақәа раиура алшоит абри аҭыӡҭыԥ ала:

  • ақ. Аҟәа. Ажәанба имҩа, 9, 3-тәи аихагыла, акабинет №304;
  • аҭел аномер (+7 840)226-31-07 ала;
  • аелектронтә ԥошьҭа Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees. ала.

 


Read 95 times