Print this page
11.Ԥхынгәы.2025

Сергеи Кириенко Гәдоуҭа ақалақь амшын аԥшаҳәа даҭааит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи УА Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Самара ақалақь ахада Иван Носкови Гәдоуҭа араион ахада Валери Аҩӡба дрыцны Гәдоуҭа ақалақь амшын аԥшаҳәаҿы инеины игәарҭеит.

Араион ахада Валери Аҩӡбеи, Самара ақалақь ахада Иван Носкови, Аԥсны Ахадеи, Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩи амшын аԥшаҳәа ахәҭак аиҭашьақәыргылареи, уи атуристцәа радԥхьалара аизырҳареи, аинфраструктура аԥҵареи ирыдҳәалоу  азҵаарақәа жәпакы  ирылацәажәеит.

Самареи Гәдоуҭа араиони уаанӡа жәларбжьаратәии адәныҟаекономикатәии еимадарақәа рынагӡаразы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Урыстәылатәи ақалақь гәдоуҭатәи амшын аԥшаҳәа ахаҿра аиӷьтәразы апроект анагӡара ацхыраара анаҭоит.

 

 

 


Read 126 times