Print this page
29.Ԥхынгәы.2025

Аҟәа ақалақь, Аҳабла Ҿыц аҿы лассы даҽа спорттә дәык аадыртуеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иҿыцу аспорттә дәы лассы иаадытраны иҟоуп Аҟәа ақалақь, Аҳабла Ҿыц аҿы.

15-тәи абжьаратәи ашкол иахьаҵанакуа амҵәышәмпыл, анапылампыл азы адәқәа, иара убас пинг-понг азы астолқәа  зцу афункциарацәа змоу аспорттә дәы аргылара иалагеит. Иара убас акомандақәа разгәыбылҩцәа рзы ишьақәдыргылараны иҟоуп 200-ҩык зкуа атрибунақәа.  

 Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба иарбоу апроект иаҵоу аҵакы атәы инаҵшьны иазгәеиҭеит:

«Аҳабла Ҿыц аҿы даара ирацәаны аспорт иазҿлымҳау, аха уи иазку аплошьадкақәа ахьыҟам азы зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа, аҿар нхоит».

Апроект урыстәылатәи аенергетикатә еилазаара акционертә Еилазаара «Концерн Росэнергоатом» ацхыраарала аҳҭнықалақь Ахадара инанагӡоит.

Аспорттә дәы аартра азԥхьагәаҭоуп цәыббрамза 27 — Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра Амш аҽны. 


Read 117 times - Ахаша, 30 Ԥхынгәы 2025 14:52