Print this page
30.Ԥхынгәы.2025

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба адомино азы Жәларбжьаратәи иаарту ачемпионат аҿы аԥхьахәқәа згаз аԥснытәи еизгоу акоманда идикылеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Мексика имҩаԥысуаз адомино азы жәларбжьаратәи Иаарту ачемпионат аҟны аԥхьахә згаз Аԥсны аизгатә команда идикылеит. 

Аиԥылара далахәын аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ аҿар русқәеи аспорти рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы ин.н. Ҭарашь  Ҳагба.

«Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит Аԥсны жәларбжьаратәи аренаҟны иаԥсоу ахаҭарнакра аарԥшра ахьшәылшаз азы. Ас еиԥш аицлабрақәа рылахәрала ҳреспублика ӡырыжәгоит, ахыԥша шәырӷәӷәоит. Арҭ аихьӡарақәа ирыбзоураны еиуеиԥшым атәылақәа рыҟны ауаа Аԥсны аӡбахә раҳауеит. Атәыла анапхгара есқьынгьы ари аспорт хкы арҿиара иазку аԥшьгарақәа адгылара рыҭара, иаҭаху ацхыраара аҟаҵара иазхиоуп», - ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.

Акоманда алахәцәа Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа иарҳәеит аицлабра аҽалархәразы алшара ахьриҭаз азы.

Аиԥылараҟны иазгәаҭан аԥсуа ган ахаҭарнак Ашәба Саид хаҭалатәи аицлабраҟны актәи аҭыԥ шигаз. Аҳәынҭқарра Ахада уи идиныҳәалеит, изеиӷьеишьеит аихьӡарақәа.

Акоманда алахәцәа Аҳәынҭқарра Ахада адырра ирҭеит сынтәа Пуерто-Рико имҩаԥысраны иҟоу Адунеи ачемпионат аҽалархәра ргәы ишҭоу атәы.

Ирҳәеит сынтәа ҭагалан Аԥсны амҩаԥгара ргәы ишҭоу Аԥсны Адомино Афедерациа актәи ахада Габуниа Артур игәалашәара ахьӡала жәларбжьаратәи атурнир, иара убас 2026 шықәсазы Адомино азы адунеи ачемпионат.

 Аҳәынҭқарра Ахада арҭ аԥшьгарақәа дышрыдгыло атәы азгәаҭаны, иҳәеит ас еиԥш азыӡба адкылара аныҟала, атәыла анапхгара иаҭаху зегьы шыҟанаҵо ачемпионат иахәҭоу аҩаӡараҟны амҩаԥгара алыршаразы.

 


Read 180 times - Ахаша, 30 Ԥхынгәы 2025 16:51