Print this page
30.Ԥхынгәы.2025

Аҳәынҭқарра Ахада Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан аӡеизакырҭа даҭааит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ашьха ашьаԥаҿы иҟоу аӡеизакырҭа даҭааит.

Ари аӡеихшарҭа ӡыла еиқәнаршәоит ақыҭақәа: Хыԥсҭа, Ҟәланырхәа, Жәандрыԥшь, Абгархықә, Дәрыԥшь, Хәаԥ, Мгәыӡырхәа, иара убас Гәдоуҭа ақалақь ахәҭак.  Аԥхын ари араион аҟны Хыԥсҭа аӡыршьҭра иахьагхо иахҟьаны лассы-лассы аӡеиқәшәара еиԥҟьоит.

Шьаҭанкылатәи аргылара аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа аҳәынҭқарра ахада иҟоу аҭагылазаашьазы адырра ииҭеит.

Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иҳәеит атәылауаа ӡыржәтәла реиқәыршәара аус ихадароу зҵаараны ишыҟоу.

«Ҳауаажәлар ӡыржәтәла реиқәыршәара азҵаара ҳара ҳзы ихадарзароуп, — ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба. — Иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп иахьынӡауа сынтәа иҟоу адефицит аиҵатәразы. Ари апроблема аӡбаразы шәажалагалақәа сырзыԥшуп, иара убас иаҭаху аусқәа лассы рымҩаԥгара аҭахуп. Урҭ сынтәа ихыркәшатәуп»,- ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба. 

 


Read 232 times