Print this page
30.Ԥхынгәы.2025

Аԥсны Административтә зинеилагарақәа рзы Азакәанеидкыла аиҭакрақәа алагалоуп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы «Административтә зинеилагарақәа рзы аусқәа рыла аӡбареиҿкаара азы Азакәанеидкыла» аиҭакрақәа аларгалеит.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит аҳәынҭқарра-зинтә политиказы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба.

Аиҭакрақәа ралагалара хықәкыс иамоуп Аԥсны Административтә зинеилагарақәа рзы Азакәанеидкыла ахәҭаҷқәа 172*, 172° рҿы иарбоу аҟазаареи (анхара) аусура анагӡареи  рзы аԥҟарақәа реилагаразы аҭакԥхықәра анагӡаразы    Аԥсны Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура аусзуҩцәа рыла  еиқәыршәахо административтә пкаанҵақәа оперативла рахәаԥшра алыршара.

«Административтә зинеилагарақәа рзы Азакәанеидкыла иарбоу ахәҭаҷқәа аӡбарҭақәа рҿы ирыхәаԥшуеит, аха Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура шықәсырацәалатәи аусура аԥышәеи, иара убас Амиграциатә Маҵзура аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы имҩаԥнаго аусмҩаԥгатәқәеи ишаҳнарбо ала, аус аҿы еиҳа еиӷьуп ахәҭаҷқәа 172*, 172º Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура ахәаԥшразы иадҵазарц. Уи иабзоураны административтә пкаанҵа аиқәыршәара ашьҭахь, аӡбарҭа ахь аиагарада, аоперативла аҭыԥқәа рҿы, аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысразы аушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥқәа рҿы ақәҵара адкылареи, анаҩс административтә хараԥса атерминал аҿы ашәара шымҩаԥысуеи аҳәаанырцәтәи атәылауаҩ ареспублика аҟынтәи иалҵра ацклаԥшреи алыршахоит», - ҳәа иаҳәоит азакәан апроект иацу аилыркаагатә шәҟәы аҿы.  


Read 241 times