Print this page
30.Ԥхынгәы.2025

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Гәдоуҭа араион даҭааит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иахьа, ԥхынгәымза 30 рзы Гәдоуҭа араион ахь аусуратә ҭаара мҩаԥигеит. Аҳәынҭқарра Ахада Гәдоуҭа араион, Лыхны ақыҭаҵн ааигәа  иаадыртраны иҟоу зхы иақәиҭу аиқәԥареи абокси рзы аспорттә зал аҿы арҽеиратә усурақәа шцо даҭааны ибеит. Аспорт зал аҭаара ӡбан Аҳәынҭқарра Ахада лаҵарамза 18 рзы Гәдоуҭа араион данаҭааз. 

Абри азыӡба ашьҭахь, мышқәак аанааҵ аусура хацыркын ахыбра аиҭашьақәыргыларазы. Арҽеиратә усурақәа шымҩаԥысуа атәы далацәажәеит Шьаҭанкылатәи аусурақәа русбарҭа аиҳабы Гамсаниа Демир. Гәынба Бадра иаҵшьны иҳәеит аспорттә обиектқәа раԥҵара иамоу аҵакы аҿиареи аҿар ргәабзиареи рзы. Аргылаҩцәа Аҳәынҭқарра Ахада аспорттә зал цәыббрамзазы аартразы иҟаиҵаз адҵа шынагӡахо шьақәдырӷәӷәеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иара убас Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа даҭааит, аусзуҩцәа дырԥылеит, рҭагылазаашьа ибеит.

Ахәшәтәырҭа шьаҭанкылатәи арҿыцра аҭахуп. Аҳәынҭқарра Ахада адырра ирҭеит ахәшәтәырҭа шықәсык аҩныҵҟа 38 инаркны 40 нызқьҩык рҟынӡа ауаа рымаҵ шауа, ара аус шыруа 25-ҩык.

Аҳәынҭқарра Ахада аполиклиника аҭагылазаашьа ҭҵааны, Шьаҭанкылатәи аргыларатә усбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа инапы ианиҵеит апроект-харџьынҵатә документациа азырхианы, арҽеиратә усурақәа рхацыркра, убри аан раԥхьа иргыланы ахыбра ахыб нап шарктәу азгәеиҭеит. 

Бадра Гәынба инаҵшьны иҳәеит аҳәынҭқарра иалшо ала ахәшәтәырҭа аиҭашьақәыргылара ишацхраауа.

Амш актәи азыбжазы Аҳәынҭқарра Ахада даҭааит Дәрыԥшь ақыҭан ашьха ашьаԥаҿы иҟоу аӡеизакырҭа. Ари аӡеихшарҭа ӡыла еиқәнаршәоит ақыҭақәа: Хыԥсҭа, Ҟәланырхәа, Жәандрыԥшь, Абгархықә, Дәрыԥшь, Хәаԥ, Мгәыӡырхәа, иара убас Гәдоуҭа ақалақь ахәҭак.  Аԥхын ари араион аҟны Хыԥсҭа аӡыршьҭра иахьагхо иахҟьаны лассы-лассы аӡеиқәшәара еиԥҟьоит.

Шьаҭанкылатәи аргылара аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа аҳәынҭқарра ахада иҟоу аҭагылазаашьазы адырра ииҭеит.

Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иҳәеит атәылауаа ӡыржәтәла реиқәыршәара аус ихадароу зҵаараны ишыҟоу.

 


Read 235 times - Аԥшьаша, 31 Ԥхынгәы 2025 08:29