Print this page
вчера 12:16

Аҟәатәи аплиажқәа рҿтәи аиқәырхаҩцәа Сириус имҩаԥысуаз аицлабрақәа ирылахәын.

Аҟәа. Нанҳәамза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи аплиажтә еиқәырхаҩцәа ркоманда аӡаҿы аиқәырхаҩцәа Жәларбжьаратәи Рымш иазкны Сириус имҩаԥысуаз аицлабрақәа рхы аладырхәит.  Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа раԥхьаӡа акәны ас еиԥш иҟоу аицлабрақәа рахь ааԥхьара роуит. Урҭ, аӷба маҷқәа рзы аҳәынҭқарратә Маҵзура аиҳабы Ҭенгиз Сабуа иажәақәа рыла, даара ибзианы иқәгылеит, адҵақәа зегьы нарыгӡеит.

"Ихадоу–иӡааҟәрыло ауаҩы иеиқәырхаразы адырра аарԥшроуп. Ҳара хҩык ҳаҟан, агәыԥ аҿы хәҩык ыҟазар шахәҭоугьы, аха ԥсахрада аԥышәарақәа зегьы ҳархысит. Иуадаҩын, аха иҳалҳаршеит. Ари ихәарҭоу ԥышәоуп", — ҳәа азгәеиҭеит иара.

Аицлабрақәа ирылахәын Краснодартәи атәылаҿацәи Аԥсни рҟынтәи 19 команда. Иара мҩаԥысуеит хышықәса раахыс. Уи аӡаҿы аиқәырхаҩцәа Жәларбжьаратәи Рымш иазкуп.

 

 


Read 160 times - Ахәаша, 01 Нанҳәа 2025 16:33