Print this page
01.Нанҳәа.2025

Аҟәа ақалақь аҿы Витали Амаршьани Маргарита Ладариеи ахьынхоз аҩнқәа рҿыԥшыларатә ганқәа рҿы амемориалтә ӷәқәа шьақәдыргылоит.

Аҟәа. Нанҳәамза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар рпоет Витали Амаршьани Аԥсны анаукақәа Ракадемиа академик, «Ахьӡ-Аԥша» II аҩаӡара аорден занашьаз Маргарита Ладариеи  ргәалашәара анаунагӡатәра иазкын  ԥхынгәымза 31 рзы имҩаԥысыз Аҟәа ақалақьтә Еизара аилатәара.

Азҵаара ахәаԥшрахь ииасаанӡа, Аизара ахантәаҩы  Дмитри Осиа Аҟәа ақалақь Ахадареи Аизареи рахь Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы Владимир Занҭариа, ААУ аректор Алеко Гәарамиа, Аԥсуаҭҵааратә Институт адиректор Арда Ашәба рҟынтәи  Аҟәа ақалақь аҿы Витали Амаршьани Маргарита Ладариеи ахьынхоз аҩнқәа рҿыԥшыларатә ганқәа рҿы амемориалтә ӷәқәа рышьақәыргыларазы  аҳәара зныз ашәҟәқәа аашьҭын ҳәа адырра ҟаиҵеит. «Арҭ ауаа рҭоурых, Аԥсны еиҵагылараны иҟоу абиԥарақәа ирдыруазар ахәҭоуп, урҭ рыхьӡ анаунагӡара ҳуалԥшьаны иҟоуп. Витали Амаршьан – еицырдыруа аԥсуа поет, ашәҟәыҩҩы, иара  инапы иҵыҵит аԥсуа литературазы акыр зҵазкуа арҿиамҭақәа, ажәеинраалақәеи апрозатә ԥҵамҭақәеи. Иара дравторуп аҭоурыхтә романқәа «Аԥсҳа – «Аԥсуаа раҳ» («Апсха — «Царь абхазов»), «Ашьхақәа раҳ» («Владыка гор»), Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан. Витали Амаршьан –  «Ахьӡ-Аԥша» III аҩаӡара аорден акавалер, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат.  2014 шықәсазы зсахьаркыратә ҩаӡара ҳараку арҿиамҭақәеи жәлар рҟазара аҿиараҿы иҷыдалкаатәу илагалеи рзы Витали Амаршьан «Ареспублика Аԥсны Жәлар рпоет» ҳәа ахьӡ ихҵан», - ҳәа иҳәеит Дмитри Осиа. Маргарита Глеб-иԥҳа Ладариа длыхцәажәо, Дмитри Осиа уи ареспублика ахьӡ ҭызгоз иакымкәа-иҩбамкәа абиԥарақәа реиҵааӡара зылшаз иналукааша хаҿны ҳҳәынҭқарра аҭоурых дазаанхеит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. «Маргарита Глеб-иԥҳа Ладариа – афилологиатә наукақәа рдоктор, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет апрофессор Аԥсны анаукақәа Ракадемиа академик, «Ахьӡ-Аԥша» II аҩаӡара аорден акавалер лоуп. Маргарита Глеб-иԥҳа—  Аԥсны еиԥш уи анҭыҵгьы еицырдыруа аурыс шәҟәыҩҩы Тургенев  иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи ҭызҵаауаз ҵарауаҩны дыҟан. 1954 шықәсазы лара атема «Роман И. С. Тургенева «Накануне» ала акандидаттә диссертациа лыхьчеит, 1984 шықәсазы -  атема «И. С. Тургенев и писатели Франции XIX века» ала адоктортә диссертациа лыхьчеит. Лара дравторуп х-монографиак, аҵара-методикатә цхыраагӡатәқәеи агазеҭқәеи ажурналқәеи рҿы шәкы инареиҳаны еиуеиԥшым  апубликациақәеи.  Лара илыҩуан аԥсуа литературеи уи егьырҭ акультурақәа ишрымадоуи ртәы. 1953 шықәса инаркны Маргарита Глеб-иԥҳа лзанааҭтә усура  Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә арҵаҩратә Институт аҿы имҩаԥысуан, анаҩс Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы. Лара аус луан Ставропольтәи Аҳәынҭқарратә арҵаҩратә Институт (СГПИ) аурыс литература аҭоурых акафедра арҵаҩы еиҳабыс, 1985 шықәса инаркны ԥсраҽнынӡа – ААУ аурыси аҳәаанырцәтәи алитература аҭоурых акафедра аиҳабыс аус луан. Маргарита Ладариа иланашьан «Ареспублика Аԥсны зҽаԥсазтәыз анаука аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы. Лара иланашьан аорденқәа «Аҳаҭыр Адырга» («Знак Почета»), «Ахьӡ-Аԥша» II аҩаӡара, амедалқәа «Хамеигӡаралатәи аусуразы» («За доблестный труд»), «Аусураҿы ибзиаӡоу аихьӡарақәа рзы» («За отличные успехи в работе»), «Аџьа аветеран» («Ветеран труда»), –  ҳәа иазгәеиҭеит Дмитри Осиа.

Адепутатцәа Имам Шамиль имҩала игылоу аҩны №6 аҿыԥшыларатә ган аҿы Витали Амаршьан игәалашәаразы амемориалтә ӷәы ашьақәыргылареи Гиви Агрба имҩала игылоу аҩны  № 37 аҿыԥшыларатә ган аҿы – Маргарита Ладариа лмемориалтә ӷәы ашьақәыргылареи рзы еицҿакны аӡбамҭа рыдаркылеит.  

Даҽа амшхәаԥштә зҵаарак аҳҭнықалақь абиуџьет аиҭакрақәа ралагалара иазкын.  Ақалақь ахада Ҭемыр Агрба иҟынтәи иааз ашәҟәы ахәаԥшреи ахцәажәареи рышьҭахь, адепутатцәа  2025 шықәсазы аҳҭнықалақь абиуџьет аиҭакрақәа аларгалеит.

Адепутат Асида Дбар абиуџьет аиҭакрақәа ралагалара азҵаара заанаҵы ақалақь Ахадара ахаҭарнакцәа радыԥхьаларала адепутатцәа рыла аус адулара мҩаԥган ҳәа адырра ҟалҵеит.  Ахәҭакахьала, аргылара, анагӡаратә мчра аусбарҭақәа русура аиҿкаара, арезервтә фондқәа, аиқәыршәазаара, уҳәа Анхара-коммуналтә Нхамҩа  аусхкы иадҳәалоу егьырҭ азҵаарақәа, асоциалтә хьчара, акультура, аҟазара, иара убас амассатә информациа ахархәагақәа реԥш иҟоу аҟәшақәа рыла ахарџьқәа рхышәа-ҵышәа еизҳауеит. Асида Дбар лажәақәа рыла, 2025 шықәсазтәи абиуџьет ахархәагақәа реизырҳара афинансыркра хыҵхырҭас иамоуп 2024 шықәса ахыркәшамҭаз ииасуа ацәынхеи ареспубликатә биуџьет аҟынтәи асубсидиақәеи.

Ақалақь ахада Ҭемыр Агрба, зыдгалара мҩаԥгоу абиуџьет ахь аиҭакрақәа ақалақь аҿы хыԥхьаӡара рацәала имҩаԥысуа изаамҭанытәиу аиҭашьақәыргыларатә усурақәа реиԥш шьаҭанкылатәи аусурақәеи ирыдҳәалоуп ҳәа иазгәеиҭеит. Ҭемыр Агрба адепутатцәа Инал Ҭыжәба, Саид Ашәбеи Аик Каленџьиани Синоп аҳаблеи Алашарбага аҳаблеи рҿы инхо ақалақь ауааԥсыра ӡыла реиқәыршәара иадҳәалоу рызҵаарақәа аҭак ҟаиҵеит. Ақалақь ахада адепутатцәа агәра диргеит аамҭа кьаҿ иалагӡаны иарбоу азҵаара аӡбаразы ихымԥадатәиу ауснагӡатәқәа зегьы шымҩаԥгахо азы.  Уи иара убас ааигәа аҳҭнықалақь аҿы иҟало атроллеибус ҿыцқәа жәаба роушьҭразы имариам, насгьы ахарџь ду зцу аусура мҩаԥгатәны ишыҟоу азгәеиҭеит. Ҭемыр Агрба аҳҭнықалақь иахьаҵанакуа иазԥхьагәаҭоу аиқәыршәазааратә усурақәа дрыхцәажәеит.

Азҵаара алацәажәара аихшьаалақәа ҟаҵо, Ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа аҵыхәтәантәи аамҭазы ақалақьуаа еиҳа ақалақь анапхгараҭареи ақалақьтә Еизареи рахь ирымоу агәрагара иацлеит ҳәа ҷыдала иазгәеиҭеит.  Аилацәажәара ашьҭахь адепутатцәа ҳазҭоу ашықәс азы аҳҭнықалақь абиуџьет аиҭакрақәа аларгалеит, уи ахарџьтәи ахашәалахәтәи ахәҭақәа рхышәа-ҵышәа 2 млрд  312  млн.  103 нызықь мааҭ рыла ишьақәдырӷәӷәеит.

Ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аиҳабы иусура хар амамкәа имҩаԥгоуп ҳәа иԥхьаӡан. Адепутатцәа аҳҭнықалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аиҳабы Асҭамыр Ҳагәышь иҟаиҵаз аҳасабырба иазыӡырҩит.  Шықәсыки бжаки рыла имҩаԥгаз аусура дахцәажәо, Асҭамыр Ҳагәышь Аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусура нарыгӡон 135-ҩык аусзуҩцәа, убри аан урҭ рхыԥхьаӡара 70-рыла еиҳазар ахәҭоуп ҳәа иазгәеиҭеит. Аха уеизгьы, Асҭамыо Ҳагәышь иажәақәа рыла, ақалақь амилициа аусура аиҳарак ауаажәларратә зинеиҿкаареи ауаажәларратә шәарҭадареи, ацәгьоурақәеи азинеилагарақәеи рыԥхьырҟәҟәаареи урҭ раарԥшреи иазырхан ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Ҳазҭоу ашықәс актәи азыбжа азы Аҟәа ақалақь аҿы ашәҟәы иҭагалан 76 ашьаустә ҟазшьа змоу ацәгьоурақәа, урҭ рахьынтә иаартуп — 70. Ақалақь аҿы ашәҟәы иҭагалаз ацәгьоурақәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи, иуадаҩу — 31, иаартуп — 25. Иҳаҩсыз ашықәс иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, иҟаҵаз ашьаутә ҟазшьа змоу ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара акы ала еиҵахеит, ицәгьоу – ԥшьба рыла. Еиҳа иаарԥшуп анаркотикқәеи абџьари изакәанымкәа реикәыршара иадҳәалоу афактқәа», – ҳәа иазгәеиҭеит амилициа аиҳабы.

Асҭамыр Ҳагәышь аусеилыргареи аӡбамҭеи рҟынтәи зҽызӡоз ацәгьоуцәа рыԥшаареи раанкылареи рганахьала мҽхакы ҭбаала аусура мҩаԥгоуп ҳәа иазгәеиҭеит. Убас, зынӡа   ашьаусԥшаара иаҵанакуеит 71-ҩык, аҳасабырбатә аамҭахәҭа иалагӡаны 13-ҩык рганахьала ашьаусԥшаара хацыркын, иара убри аҟарагьы иаарԥшны иаанкылан.

Аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәа даҽа ҩынҩажәижәааҩык ацәгьоуцәа ԥшааны иааныркылараны иҟоуп. Асҭамыр Ҳагәышь Аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аҟәшақәа зегьы русура, атәылауааи аԥсшьаҩцәеи рзинқәа рыхьчаразы имҩаԥысуа аусуреи рзы инарҭбааны адырра ҟаиҵеит. Уи иажәақәа рыла, есыҽны амилициа аусзуҩцәа аҳҭнықалақь аҳаблақәа зегьы рҿы апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа (ареидқәа) мҩаԥыргоит, урҭ ирылҵшәаны иаанкылан 139-ҩык.

Аԥхынтәи акурорттә аамҭахәҭа алагарала азинеиҿкаареи аԥсшьаҩцәа ацәгьоуцәа рҟынтәи рыхьчареи рзы, аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа анапхгараҭара рашәарамза инаркны амшын аԥшаҳәаҿы, асанаториа МВО иахьаҵанакуа Синоп, Киалашәыр, Алашарбага аҳабла, уҳәа  аплиажтә зонақәа рыкәша-мыкәша аус зуа аԥыԥшратә гәыԥқәа русура еиҿнакааит.  Аԥыԥшратә маҵзура аусура аеффективра азгәарҭеит адепутатцәагьы ақалақь ахада Ҭемыр Агрбагьы.  Амилициа аиҳабы адепутатцәа Инал Ҭыжәба, Аик Каленџьиани Саид Ашәбеи автотранспорт аныҟәара, ақалақь иахьаҵанакуа, ахәҭакахьала амшын аԥшаҳәа иахьаҵанакуа, Ҷыҭанааи Акырҭааи рымҩақәа рҿы амашьынақәа рыргыларҭақәа реиҿкаара иадҳәалоу рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит, аҳҭнықалақь аиланхарҭақәа рҿы ицәырҵуа егьырҭ апроблемақәа рыӡбара шалыршахаз атәы еиҭеиҳәеит.

Аҳҭнықалақь Аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аиҳабы иҟаиҵаз аҳасабырба аихшьаалақәа ҟаҵо, Ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа  аусзуҩцәа  иахәҭоу рхыԥхьаӡара шыҟамгьы, аҳҭнықалақь амилициа аҿаԥхьа иқәгылоу ахыдҵақәа реиҳарак аӡбара алнаршеит ҳәа иазгәеиҭеит. Аҳҭнықалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәеи уи аиҳаби русура ахәшьара бзиа арҭеит аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрбеи ақалақь апрокурор Алхас Агәмааи. Ақалақьтә Еизара адепутатцәа реиҳараҩык аҳҭнықалақь амилициа аиҳабы иусура  хар амамкәа инагӡоуп ҳәа иазхарҵеит. Аби азы адырра ҟанаҵоит Ақалақьтә Еизара апресс-маҵзура.

 

 

 

 

 


Read 77 times