Print this page
вчера 5:04

Акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа рымырхит Цандрыԥшь астанциа аҿы.

Аҟәа. Нанҳәамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳазалхратә ҭыԥ «Ԥсоу» аусзуҩцәа аихамҩатә станциа «Цандрыԥшь» аҿы нанҳәамза 3 рзы дааныркылеит афымцадәыӷба «Диоскуриа» апассаџьыр – Гаграҟа ицоз, 2000 шықәса рзы ииз Аԥсны атәылауаҩ Багдасариан Б.В.

Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Багдасариан Б.В. инапылеидара агәаҭараан уи имҩатә рҭмаҟ аҿы ирбеит акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа ҩба, иара убас урҭ рзы амаҭәахәқәа быжьба.

Аԥсныҟа заагара ҟамло аиқәыршәагақәа изтәыз имырхит.

Административтә зинеилагара азы аусеилыргара хацыркуп.


Read 75 times