Print this page
вчера 5:21

Фазиль Искандер ихьӡ зху атеатр Ф.М. Достоевски ироман «Игрок» ала иқәыргылоу аспектакль ахь ааԥхьара ҟанаҵоит.

Аҟәа. Нанҳәамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза  5, асааҭ 19:00 рзы, Ф.А. Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр аҿы Ф.М. Достоевски ироман «Игрок» ала иқәыргылоу аспектакль аԥхьарбара мҩаԥысуеит.

Ақәыргыламҭа аҿы адраматә хҭысқәеи Аԥсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла (адерижиор – Барас Кәыџба) инанагӡо  В.А. Моцарт иреквием абжьи еилаҵәоит, уи уамашәа иҟоу аемоциатә еффект аԥнаҵоит.  

Апиеса «Игрок» аҿы афырхаҵа хада изы алахалара ахәмарра аҵакы аасҭа идухоит, уи иԥсҭазаара зегьы амҽханакуеит. Алеқсеи Иван-иԥа  – ԥхьатәара иҟоу аинрал ихәыҷқәа рырҵаҩы  - кыр идуу аԥсҭыха аиура иазгәышьуа занду лыԥсра амш иазыԥшу уи иҭаацәа дрыцны аныҟәарақәа дрылахуп… Аҵан узго алашыҩкра, уаҵәтәи амш иузаанаго аилымкаара, угәҭакқәеи угәазыҳәарақәеи ахала, насыԥла ишыҟало азхаҵара, аԥсҭазааратә интерессқәа рмаҷреи, аԥсҭазаара аҵакы хада аилымкаареи – абри ауп иахьатәи аамҭазгьы актуалра злоу «Игрок» атема хадақәа.

Аспектакль алкаахоит уи иамоу акы иаламҩашьо астили аестетикатә еилацалареи, иара убас аграфикатә актиорцәа рыхәмаршьеи рыла. Аԥсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла алахәхара ақәыргыламҭа иҷыдоу агьама анаҭоит.

Алексеи Иван-иԥа ироль хада дыхәмаруеит ааԥхьара зауз, апублика  еицырдыруа  аԥсуа артист Гәырам Кәыҵниа. Астлеи ироль раԥхьаӡа инаигӡоит иҿыцу абиԥара актиор – Алеқсандр Габлиа.

Аспектакль шықәсык ахь знык еиҳамкәа иддырбоит, убри аҟнытә уи атеатралтә хҭысны иҟалоит – «Игрок» ахыркәшамҭаз иго ахәаԥшцәа рнапеинҟьара еихсыӷьра амам.   

 

 


Read 81 times