Print this page
06.Нанҳәа.2025

Аҟәа ақалақь амшын аҿы алашарамузыкатә ӡыршә аадыртит.

Аҟәа. Нанҳәамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь амшын аҿы алашарамузыкатә ӡыршә аадыртит.

Аӡыршә аартра иадҳәалоу аныҳәатә усмҩаԥгатә рхы аладырхәит Ареспублика Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла Ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ  Сергеи Кириенкои.

Алашарамузыкатә ӡыршә Аԥсны аҳҭнықалақь ҳамҭас иазыҟанаҵеит аҟазаратә кластер «Таврида».

Алашарамузыкатә ӡыршә ҷыдала апонтон аҿы ишьақәыргылоп. Уи агәҭантәи аӡкылҟьа 20 метра иҳаракуп, аӡы аҽыԥсаҟьара 30 метра аҟынӡа инеиуеит. Аӡыршәи амузыкеи асинхронра рызуп.

Апроект нагӡахеит Урыстәыла зегьы иахьаҵанакуа қәҿиарала 600 инареиҳаны аӡыршәтә проектқәа назыгӡахьо урыстәылатәи аилазаара Fontan City.

Ас еиԥш иҟоу аӡыршә ашьақәыргылара аидеиа цәырҵит арт-кластер «Таврида» имҩаԥысуаз аҿар реизарақәа руак аҿы.

Аӡыршә ҷыдараны иамоу амузыкатә трекқәеи алашареи рсинхронра ауп. Уи аӡыршә ауникалтә ҟазшьа анаҭоит.

Апроект иара убасгьы иаҵанакит амшын баӷәаза ахыбра архитектуратә рлашара.


Read 274 times