Print this page
06.Нанҳәа.2025

Урыстәылатәии аԥснытәи аҵарауаа Аҟәатәи ашыцәа иахьаҵанакуа аӡы зқәылаз аурымтәи ақалақь ҭырҵаауеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәии аԥснытәии аҵарауаа рекспедициа Аҟәатәи ашыцәа иахьаҵанакуа аӡаҵантәи ажәытәӡатәи ахырӷәӷәарҭақәа рыҭҵаара иацырҵоит. Апроект рхы аладырхәуеит Урыстәылатәи анаукақәа Ракадемиа мрагылараҭҵаара Аинститут, Севастопольтәи аҳәынҭқарратә Университети Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи рҟынтәи аспециалистцәа.

Аҭҵаарақәа мҩаԥысуеит, археологцәа ргәаанагарала, ҳара иаҵанакуа II ашәышықәсазы аурымтәи ақалақь  Себастополис ахьгылаз аҭыԥ аҿы. Аӡаҵантәи аусурақәа ахьымҩаԥысуа аҵакыраҿы иҟоуп аҵыхәтәантәи ҩ-нызқьи бжаки шықәса рыла Амшын Еиқәа аҩаӡара ашьҭыҵра иахҟьаны зыхәҭак аӡы аҵаҟа ицаз абаашқәа рхыжәжәарақәа, ахырӷәӷәарҭақәа рыԥҽыхақәа.

«Арҭ аҭҵаарақәа акырӡа аанагоит, избан акәзар урҭ Аԥсны аҭоурыхи Амшынеиқәаҿықә Мрагыларатәи ахәҭа зегьи рҭоурых амаӡақәа аанартуеит», – ҳәа иазгәеиҭеит аԥсуа ган аҟынтәи аекспедициа напхгара азҭо Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи адиректор, аҭоурыхтә наукақәа ркандидат Аркади Џьопуа.

Севостопольтәи Аҳәынҭқарратә Университет амшынтә ҭҵаарақәеи атехнологиақәеи Рцент адиректор Виктор Двухшорстнов иажәақәа рыла, аҵарауаа ҩ-метрки бжаки инареиҳаны аҵаулараҿы ҩ-баак аадырԥшит, урҭ руак аҭӡамц цәынхақәа еиқәхеит ҳәа уҳәар алшоит. Аусура аруадаҩуеит ажрақәа ахьымҩаԥысуа ааигәара ашыцә иалало Басла аӡиас ахәашьра.

 «Аха ҳаамҭазтәи атехника алшарақәа ирыбзоураны акыр ихәашьу аӡы аҿгьы аҭҵаарақәа рымҩаԥгара алшоит», – ҳәа иазгәеит иара.

 


Read 50 times