Нанҳәамза 8, 2008 шықәсазы иҟалаз ахҭысқәа ҩаԥхьа адунеи зегьы иднарбеит Урыстәыла Дуӡӡа аҩызареи адгылареи шаанарԥшуа атәы. Қырҭтәыла аҭынчра ашьақәыргылара азаагара иазкны Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара ианаамҭаз имҩаԥнагаз аусеиҿкаара иабзоураны аиҿагылара аанкылан, аҭынч уааԥсыра ахьынхоз ақалақь Цхьынвал иажәлаз ақырҭуа мпыҵахалаҩ ирхәҭақәа рықәгара алыршахеит.
Ҳара иахьа Аахыҵ-Уаԥстәыла ажәлар рхьааи ргәырҩеи рыцеиҩаҳшоит, усҟан иҟалаз ахлымӡаах иалаӡыз аҭынч уааԥсыра, фырхаҵарыла Зыԥсадгьыл ахьчаразы игылаз афырхацәа, иара убас Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар реиқәырхаразы зхы иамеигӡаз урыстәылатәи аруааи ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит.
Ҳаҭыр зқәу Алан Едуард-иԥа, аԥсуа жәлар рыхьӡала аиашьаратә ауаԥс жәлар аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзеиӷьасшьоит.
Ҳара ҳажәларқәа жәытә-натә аахыс аиашьаратәи аимабзиаратәи аизыҟазаашьақәа рыбжьан, аҭоурых ишаҳнарбо ала, ҳажәларқәа иара убас еидызкыло акакәны иҟоуп ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа Ареспублика Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспубликеи рышьақәгыларазы ақәԥара. Ҳара аринахысгьы аиашьареи аидгылареи аарԥшуа доусы ҳҳәынҭқаррақәа рҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи аҿиареи рзы аусеицура ҳабжьазаауеит».