Print this page
вчера 19:46

Бадра Гәынба, Беслан Бигәааи Сергеи Кириенкои ашьха иаԥну ақыҭа Ԥсҳәы иаҭааит.

Аҟәа. Нанҳәамза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәааи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Аҟәа араион Ԥсҳәы ақыҭа иаҭааит.

Ишнеизҵәҟьа дара Кавказ ахьчаҩцәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Амонумент Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш  80 - шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Урыстәыла ацхыраарала арестоврациа мҩаԥган. Бадра Гәынба, Беслан Бигәааи Сергеи Кириенкои ақыҭа аинфраструктура асоциалтә обиектқәа ирҭааит, аҭыԥантәи ауааԥсыра ирыҿцәажәеит.

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иара ԥхынгәымза 13 рзы ари ақыҭа данаҭааз ишьҭыхыз апроблемақәа зегьы рыӡбара мҩаԥысуеит ҳәа иазгәеиҭеит. Урҭ аҳаиреимадара, Аӡфымцатә Станциа аиҭашьақәыргылара, ахәыҷтәы плошьадка аиқәыршәазаара, уҳәа егьырҭ азҵаарақәа ирыдҳәалоуп.


Read 33 times