Print this page
07.Нанҳәа.2025

Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои арҵаҩцәа алархәны имҩаԥысуаз астратегиатә сессиа рхы аладырхәит.

Аҟәа. Нанҳәамза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла Ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои нанҳәамза 6 рзы ашколқәа рдиректорцәеи арҵаҩцәеи злахәны имҩаԥысуаз астратегиатә сессиа рхы аладырхәит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.  

Асессиа алахәылацәа аиԥылараҿы излацәажәаз зҵаара хаданы иҟан ашколқәа рҿы адыррақәа рыҭара мацара акәымкәан, ауаҩы иааӡара ҭыԥны аҟаҵара.

Иара убас, аганқәа рылацәажәеит апатриоттә ааӡара, акласснҭыҵтәи аусмҩаԥгатәқәа, акультуратәи аҵарадырратәи проектқәа рынагӡара, урыстәылатәи аҵараиурҭақәеи дареи русеицура.

 


Read 47 times