Print this page
08.Нанҳәа.2025

Бадра Гәынба анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа реикәыршара аҿагыларазы Ахеилак аԥҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Ареспублика Аԥсны Ахада иҟны иҟоу анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа реикәыршара аҿагыларазы Ахеилак аԥҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Ахелак изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара аҿагылара аганахьала аҳәынҭқарратә политика арӷәӷәара иазырхоуп.  

Аҳәынҭқарра Ахада иусԥҟа инақәыршәаны, Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа реикәыршара аҿагыларазы Ахеилак Аԥҟареи Аилазаареи шьақәырӷәӷәоуп.

Убас, атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут напхгара зиҭо, Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа реикәыршара аҿагыларазы Ахеилак аилазаараҿы иҟоуп:

– Ануа И.К. – Ареспубликатә наркологиатә диспансер аҳақьым хада;

– Ахьиба Т.И. – Ареспублика Аԥсны ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ;

– Быҭәба  Е.В. – агәабзиарахьчара аминистр;

– Гәынба Х.В. – аҵарадырра аминистр;

– Гогохьиа К.З. – Ауаажәларратә Палата алахәыла;

– Пачалиа А.Р. – Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара ахылаԥшразы Аусбарҭа аиҳабы;

– Ҳагба Т.М. – атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо;

– Хьециа О.М. – Аҳәынҭқрратә ҳазалхратә Еилкы ахантәаҩы;

– Чичба А.А. – Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ;

– Шергелиа Т.А. – атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә Еилкы ахантәаҩы (аиқәыршаҳаҭрала);

– Шьаҟрыл С.Н. – Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Аҳәынҭқарра-зинтә напхгараҭара асектор ареферент еиҳабы (Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ).      

 

 


Read 146 times - Асабша, 09 Нанҳәа 2025 14:45