Аиԥылараҿы 2025 шықәсазы ареспублика зегьы иахьаҵанакуа зфинансыркра ареспубликатә биуџьет ахарџь ала имҩаԥысуа автомҩатә, акоммуналтә, анџьныртә инфраструктура аобиектқәа рреконструкциеи реиҭашьақәыргылареи, иара убас аҵарадырра, акультура, агәабзиарахьчара аобиектқәа реиҭашьақәыргылареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аԥыза-министр асоциалтә усхки акоммуналтә инфраструктуреи ирыҵанакуа аобиектқәа шьаҭанкыла реиҭашьақәырыгылареи рреконструкциеи еиҳа ихадоу аусура ахырхарҭақәа иреиуоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Уи иара убас Аҳәынҭқарратә Еилакы «Аԥсныргылара» аиҳабы иахь ихы рханы инагӡахо аусурақәа рхаҭабзиара, рынагӡара аҽҳәарақәа рыҽҭагӡара, иара убас аҳәынҭқарратә ҿаҵаҩы ихыдҵақәа ишахәҭоу ала рынагӡара алыршара ҷыдала ахшыҩзышьҭра шаҭатәу азгәеиҭеит.