Print this page
08.Нанҳәа.2025

Аԥсны аусура иаладыргеит аицлабра «Аԥсны амедиа ҿыцқәа».

Аҟәа. Нанҳәамза  8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аконкурс «Аԥсны амедиа ҿыцқәа» аусура алагара иазкын «Sputnik Аԥсны» апресс-центр аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциа.

Аконкурс аиҿкааҩ иаҳасабала иқәгылеит  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа. Апроект апартниорцәа – «Амедиа ҿыцқәа рҟазарҭа» (https://t.me/mnm_masterskaya), Автономтә Икоммерциатәым Аиҿкаара «Диалог» (https://t.me/ano_dialog), аконкурс «Аԥсны Акоманда» (https://t.me/abkhazia_team), Анапхгараҭара аҟазарҭа «Сенеж» (https://t.me/senezh_rsv).

Аԥсны ахада Иусбарҭа аинформациатә хархәагақәа рымадаразы аҟәша аиҳабы, Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Ҷолокәуа иахьа Аахыҵ Уаԥстәыла атрагедиатә хҭысқәа анымҩаԥысуаз инаркны 17-шықәса аҵра иамшуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ҳара ари амш аҽны иаҳгәаламшәар ауам Қырҭтәыла ампыҵахаларатә политика иахҟьаны Аахыҵ Уаԥстәыла иҟалаз атрагедиа иалаӡыз акгьы зхарамыз ауаа, Аахыҵ Уаԥстәыла ахьчаҩцәа-афырхацәа, Аахыҵ Уаԥстәыла аҭынч уааԥсыра агрессиа аҟынтәи рыхьчаразы зхы иамеигӡаз урыстәылатәи аруаа», - ҳәа иҳәеит Алхас Ҷолокәуа.

Уи убас еиԥш иҟоу ахлымӡаах уаҳа иҟамларц, ажәлар ргәазыҳәарақәеи рҭаххрақәеи адунеитә еилазаара аҟынӡа анагара алыршахартә еиԥш аинформациатә усура шьақәыргылатәуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Иара еизаз иргәалаиршәеит Аԥснытәи ажурналистцәа 1992-1993 шықәсқәа рзы аинформациатә еибашьраҿы аиааира шыргаз.

Уи инаҵшьны иҳәеит Қырҭтәыла акыр еиҳаз алшарақәа шамазгьы, аинформациатә еибашьраҿы хыԥхьаӡарала еиҳа имаҷыз аԥсадгьыл абзиабара иабылуаз апрофессионалтә аԥсуа журналистцәа аиааира шыргаз. Аӷагьы уи дақәшаҳаҭхар акәхеит.

«Иҟалап, аԥсадгьыл ахь абзиабара, ахҭысқәа шыҟаҵәҟьаз азы аиаша аҳәаразы агәаҳәара еиҳа аԥыжәара роузар, убри абзоуралоуп ҳколлегацәа аинформациатә блокада аиааира шрылшаз", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Алхас Ҷолокәуа иажәақәа рыла, «утәыла еффективла алацәажәареи уи аимиџь аԥҵареи рзы ихымԥадатәиуп аинформациатә суверенитет аиура. Ареспублика аинформациатә суверенитет аԥҵаразы аицлабра «Аԥсны амедиа ҿыцқәа» хымԥада иалагалатәуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Алхас Ҷолокәуа. Иара убас, Ҷолокәуа иазгәеиҭеит аицлабра «Аԥсны амедиа ҿыцқәа» амҩаԥгара аҵак ду шамоу, уи ҳаамҭазы ареспублика аинформациатә суверенитет ашьақәыргылараҿы ацхыраара ду шыҟанаҵо.

Уи игәаанагарала, аицлабра иабзоураны ареспубликаҿы ҳаамҭазтәи ахәыцра змоу ажурналистцәеи аблогерцәеи рхыԥхьаӡара иацлоит, уи атәыла ахыԥшеи жәларбжьаратәи аплатформақәа рҿы аӡыргареи рҿы хра злоу анырра ҟанаҵоит.

Sputnik аҿы имҩаԥгаз апресс-конференциа иалахәыз «Амедиа ҿыцқәа рҟазарҭа» ашьаҭаркҩы Иулиа Аблец аконкурс «Аԥсны амедиа ҿыцқәа» ихадоу аетапқәаны иҟоуп: алахәылацәа ралкаара, аҽазыҟаҵара, аԥснытәии урыстәылатәи амедиа аҿы аԥышәарҳара, иара убас аконкурс ашьҭахь ацхырара, ҳәа иазгәалҭеит.

Иулиа Аблец Аицлабра «Аԥсны амедиа ҿыцқәа» алахәхаразы арзаҳалқәа арҭахьеит 50-ҩык ҳәа илҳәеит.

Арзаҳалқәа рыдыркылоит цәыббра 16 рҟынӡа. Апрограмма аушьҭымҭацәа апрактикатә дыррақәа роуеит, Аԥсни Урыстәылеи иреиӷьу амедиаструктурақәа рҿы астажировка ахысра, аексперттә дгылара, уимоу, рхатәы медиапроект аԥҵаразгьы алшара роуеит. Аҵара ԥшь-модулькны еихшахоит, ҩба Аԥсны имҩаԥгахоит, ҩба – Урыстәыла.

«Уи иабзоураны шәара шәеиԥш зықьҩыки бжаки инареиҳаны зтәылақәа ирыцхраар зҭаху, аҟазаратә, арҿиаратә, иҵоуроу аконтент азы аудиториа аус ацура зҭаху амедиа-специалистцәа рыцхыраара роуеит. Насгьы, ҳапрактика ишаҳнарбо ала, ҳапрограммақәа роушьҭымҭацәа рыла ишьақәгылоу ауаажәларра амч ауп аус дуқәа рынагӡараҿы ацхыраара ҟазҵо», — ҳәа илҳәеит Иулиа Аблец.

Аконкурс «Аԥсны Акоманда» афиналист Артур Чакриан убасҵәҟьа ззанааҭдырра аҩаӡара ҳараку аспециалистцәа Аԥсны иазку ииашоу аинформациа адунеи аҿы аларҵәаразы амедиаҵакыра аҿы аусуразы разыҟаҵара иаҵоу аҵакы ахадара инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Сара схаҭа активла амедиасфера алахәылас сыҟоуп, шьахәлагьы еилыскаауеит уи иаҵоу аҵакы ахадара. Актәи аетап аҿы 50-ҩык алахәылацәа ҟалоит, цәыббрамза 15 рышьҭахь аконкурс аиҿкааҩцәа урҭ рарзаҳалқәа алырхоит, анаҩс гәыԥ-гәыԥла еихшаны, аҟазацәа рыбжьара еихыршоит, урҭ дара рзы аусуратә программа шьақәдыргылоит. Ари аконкурс рхы аладырхәыр алшоит ажурналистцәа, аблогерцәа, апродиусерцәа, асценаристцәа, арежиссиорцәа, апресс-маӡаныҟәгаҩцәа», – ҳәа еиҭеиҳәеит Артур Чакриан. Иара убас, «Зысасгәашә аарту Аԥсны» апроекти иареи ринтеграциа азԥхьагәаҭоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Ареспубликатә Аҳәынҭқарратә Усбарҭа «Аԥснымедиа» аиҳабы Роберт Џьопуа итрадициатәу аресурсқәа рнаҩс асоциалтә ҳақәагьы рыҿиара шхымԥадатәиу азгәеиҭеит.

«Сара сколлегацәа срыҿцәажәон, урҭ зегьы аконкурс алахәара иазхиоуп. Ас еиԥш иҟоу апроектқәа рылахәхара хымԥадатәиуп. Урҭ акадр ҿыцқәа разыҟаҵара аус аҿы ицхыраагӡа дуны иҟалоит», – ҳәа иҳәеит иара.

Роберт Џьопуа агәра ганы дыҟоуп иарбоу апроект аԥснытәи ажурналистцәеи аблогерцәеи рзы акыр хра аланы ишыҟало, «Иҿыцу амедиақәа рҟазарҭа» акәзар, уи қәҿиарала анагӡара ишацхрауа.  

Ателеканал «Кубань 24» адиректор Хада Алеқсандр Руденко иара иколлектив аконкурс «Иҿыцу амедиақәа рҟазарҭа» рхы шаладырхәуаз атәы еиҭеиҳәеит.

«Раԥхьа иргыланы, аҟазарҭа ахь алхра апрестиж змоу усуп. Даара зыҩаӡара ҳараку конкурсуп, зегьы ирдыруеит араҟа алахәылацәа акыр зыҩаӡара ҳараку аҽазыҟаҵара шроуа.  Астудентцәа рҽазыҟаҵара анхдыркәшалак ашьҭахь, урҭ аоперативреи акреативреи зныԥшуа зхаҭабзиара ҳараку аинформациа аҟаҵара рҵоит», - ҳәа адырра ҟаиҵеит Алеқсандр Руденко.

Аинформациа-аналитикатә телеканал «Соловьев LIVE» амҩаԥгаҩ Иван Каменев, «Иҿыцу амедиақәа рҟазарҭа» аҿы рҵара аамҭа иалагӡаны апроект алахәылацәа Владимир Соловиоев  истудиа аҿы аԥышәарҳара иахысуеит ҳәа иазгәеиҭеит.

Уи иара убас хәҩык «Амедиа ҿыцқәа рҟазарҭа» аушьҭымҭацәа ателеканал «Соловьев LIVE» аҿы аус руеит ҳәа адырра ҟаиҵеит. Урҭ аефир амҩаԥгаҩцәа, адокументалтә кино апродиусерцәа, аефир акорреспондентцәеи аредакторцәеи роуп.

«Иҿыцу амедиақәа рҟазарҭа» аҿы лҵара аҟынтәи илоуз ацәаныррақәа ртәы еиҭалҳәеит «Арадио Sputnik Аԥсны» амҩаԥгаҩ Лана Абшьлааԥҳа. «Сара алшара соуит иреиӷьу ажурналистцәа, амедиатехнологцәеи аекспертцәеи рҿы аҵара, рԥышәа рымадара. Сара сзы уи даара аинтерес аҵан, хра злоу усны исзыҟалеит», - ҳәа илҳәеит лара.

Аблогер Владимир Кәачахьиа апроект аԥшьгаҩцәеи апартниорцәеи иҭабуп ҳәа реиҳәеит аԥснытәи ажурналистцәеи аблогерцәеи ироуз иҿыцу алшарақа рзы.

Аусмҩаԥгатә алахәылацәа қәрала 18 - 55 шықәса ирыҵаркуеит, урҭ Аԥсны иатәылауаазароуп. Арзаҳалқәа рыдыркылоит цәыббра 15 рҟынӡа, алԥшаарақәа рылҵшәақәа еилкаахоит жьҭаарамза алагамҭазы, Урыстәылеи Аԥсни рҿы хаҭалатәи амодульқәа жьҭаарамза инаркны хәажәкырамза анҵәамҭанӡа имҩаԥыслоит.

 

 

 

 

 

 

 


Read 229 times