Print this page
05.Жьҭаара.2022

АСЛАН БЖЬАНИА АРҴАҨЦӘА РЗАНААҬТӘ НЫҲӘА РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 5,  2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Арҵаҩы имш азы адныҳәалара ҟаиҵеит:

«Акыр иаԥсоу арҵаҩцәа! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа – Арҵаҩы имш!

Ари аныҳәа ҷыдала аԥхарра аҵоуп. Дыҟамзар ҟалап раԥхьатәи зырҵаҩы дызгәаламшәо, анаҩс, дасу иԥсҭазаара ашьақәгылараҿы зышьҭамҭа нзыжьыз, анырра бзиа азҭаз.

Арҵаҩы изанааҭ – баша занааҭӡам. Ари миссиоуп, апрофессионализм ду еиԥш, иреиӷьу аҟазшьатә ҷыдарақәа зҭаху.

Ахә ашьара уадаҩуп шәара есҽнытәи шәааԥсара, шәара еиҵашәааӡо ҳҿар ирышәҭо адыррақәа рыдагьы, урҭ рхаҭара ашьақәгылара, идунеихәаԥшра аҳәаақәҵара шәацхраауеит.

Акыр иаԥсоу арҵаҩцәа, иахьатәи шәымшныҳәа аҽны иҭабуп ҳәа шәаҳҳәар ҳҭахуп шәџьабаазы, шәҵаҩцәа реихьӡарақәа рзы.

Гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, анасыԥ, шәнапы злаку азанааҭ аҟны аихьӡара ҿыцқәа.

 

 

Источник: https://www.apsnypress.info/ru/novosti/item/1594-aslan-bzhaniya-pozdravil-uchitelej-s-professionalnym-prazdnikom.

© АПСНЫПРЕСС.


Read 443 times - Ашәахьа, 10 Жьҭаара 2022 22:13