Очамчыра араион Ахадара Амуниципалтә унитартә Наплакы «Аӡышьҭра» аиҳабы Авдени Џьопуа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, аизакратә бассеин аҟынтәи аӡеиқәыршәара зламҩаԥысуаз аӡымҩангагақәа абар шьҭа 15 шықәса иреиҳауп аԥсахра аҭахны иҟеижьҭеи. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшахоит ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа.
Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иҳәеит ауааԥсыра ӡыржәтәла реиқәыршәара аус ихадароу зҵаараны ишыҟоу.
Ԥхынгәымза 30 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан ашьха иаԥну аҭыԥ аҿы иҟоу аӡеихшарҭа даҭааит. Ари аӡеихшарҭа ӡыла еиқәнаршәоит ақыҭақәа: Хыԥсҭа, Ҟәланырхәа, Жәандрыԥшь, Абгархықә, Дәрыԥшь, Хәаԥ, Мгәыӡырхәа, иара убас Гәдоуҭа ақалақь ахәҭак. Аԥхын ари араион аҟны Хыԥсҭа аӡыршьҭра иахьагхо иахҟьаны лассы-лассы аӡеиқәшәара еиԥҟьоит.
Бадра Гәынба иарбоу ақыҭақәа рҿы ӡыла аиқәыршәара аганахьала иҟоу адефицит аиҵатәразы иахәҭоу зегьы шыҟаҵахо иҳәеит. Уи Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа аҿаԥхьа азҵаара ықәиргылет ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа иарбоу ақыҭақәаеи араионтә центри рҿы ӡыла аиқәыршәара апроблема аӡбара шалыршатәу азы. Аҳәынҭқарра Ахада уи азы иаҭаху ахарџь аҳәынҭқарра ахахьы ишаго азы аҳәамҭагьы ҟаиҵеит. «Ҳауаажәлар ӡыржәтәла реиқәыршәара азҵаара ҳара ҳзы ихадаразароуп, — ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба. — Иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп иахьынӡауа сынтәа. Ари апроблема аӡбаразы шәажәалагалақәа сырзыԥшуп, иара убас иаҭаху аусқәа лассы рымҩаԥгара аҭахуп. Урҭ сынтәа ихыркәшатәуп»,- ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.
Аамҭа кьаҿ иалагӡаны Аҳәынҭқарра Ахада Аҟәа араион ақыҭақәа, ахәҭакахьала Иашҭхәа ақыҭа ӡыла аиқәыршәара азҵаара аӡбара шымҩаԥысуа агәаҭара азԥхьагәаҭаны имоуп.
Аҳәынҭқарра аринахысгьы ауааԥсыра аӡрыжәтә ала реиқәыршәара азҵаара ҷыдала ахшыҩзышьҭра анаҭалоит.