Print this page
сегодня 15:39

Бадра Гәынба: «Ҳара зхы зыԥсы ахҭанҵаны иахьа ҳаԥсадгьыл ҳақәӷьацартә алшара ҳазҭаз Афырхацәа ргәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит».

Аҟәа. Нанҳәамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба 1992-1993 шықәсқәа рзы иҟаз Аџьынџьтәылатә еибашьра алагара 33 шықәса ахыҵра инамаданы Аԥсны жәлар рахь аҳәамҭа ҟаиҵеит.

«Ҳаҭыр зқәу сыуаажәлар!

Нанҳәамза 14, 1992 шықәса рзы иалагеит зегьы реиҳа итрагедиатәу хҭысны  Аԥсны жәлар рҭоурых адаҟьақәа ирнылаз — 1992-1993 шықәсқәа рзы иҟаз Аџьынџьтәылатәи еибашьра.

Ҩажәи жәаха шықәса раԥхьа ақырҭуа мпыҵахалаҩ ирхәҭақәа Аԥсны ҩаԥхьа анапаҿы аагареи аԥсуа жәлар рхақәиҭреи рхьыԥшымреи ралхәдаареи хықәкыс иҟаҵаны Аԥсны аганахьала бџьаршьҭыхлатәи агрессиа иалагеит. Аха милаҭрацәала еилоу ҳажәлар аӡәк еиԥш рыжәҩахыр еибыҭа Рыԥсадгьыл ахьчаразы иҩагылеит.

413 мшы ицоз ари аибашьра зықьҩыла ауаа рыԥсҭазаара ҿахнаҵәеит. Ари даара иуадаҩыз аамҭан, аха аԥсуа жәлар аџьамыӷәа цәгьа рыхганы, акыр ацәыӡ ду шрымазгьы, агәымшәара аарԥшны рхақәиҭра ахьчара рылшеит, аӷа хәымга иҟынтәи Рыԥсадгьыл ахы иақәиҭыртәит.

Иахьа ҳара зхы зыԥсы ахҭанҵаны ҳаԥсадгьыл ҳақәӷьацартә алшара ҳазҭаз Афырхацәа ргәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит.

Ари амш аҽны ҳаҭыр дула даҳгәалаҳаршәоит аԥсуа жәлар рԥыза ду, Аԥсны раԥхьатәи Ахада –  Владислав Григори-иԥа Арӡынба. Иара аиааира азы агәаҳәареи агәрагареи, еицамкуа амчхареи дырсимволны дҟалеит. Уи иԥхьагыларала ҳара аиааирагьы ҳгеит.  

Ҳара ахаангьы иаҳхашҭӡом аамҭа цәгьақәа раан ацхырааразы хатәгәаԥхарала иааз аибашьцәа.

Аибашьра афырхацәа ргәалашәара наунагӡа ҳгәаҵаҿы иаанхоит. Урҭ рыхьӡқәа хьтәы нбанла Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи аибашьра аҭоурых адаҟьақәа ирнылеит.

Иахьа ҳара ихьыԥшым зхы иақәиҭу аҳәынҭқарраҿы ҳанхоит. Ҳхықәкы хаданы иҟоуп – ари агәалашәара ҳаԥсаны аҟалара. Аҳәынҭқарратәра аиқәырхара, ҳкультуреи ҳекономикеи рырҿиара, иӷәӷәоу, ихьыԥшым Аԥсны аргылара ҭакԥхықәраны иҳадуп!

Хашҭра рықәымзааит Афырхацәа!» Прочитано 53 раз. Последнее изменение 14.08.2025.

Бадра Гәынба иҳәеит

Иара иахьатәи абиԥара рахь ааԥхьара ҟаиҵеит ари агәалашәара иаԥсаны иҟазарц,

 

 

 

 


Read 30 times - Аԥшьаша, 14 Нанҳәа 2025 12:26