Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ҳаҭырла ргәаладыршәарц арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, атәыла аԥыза-министр Владимир Делба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аиҳабы Беслан Ешба, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, Ареспублика Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Ареспублика Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аԥсны Арбџьамчқәа рыруаа, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз аибашьцәа ранацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Аҳәынҭқарра Ахада иара убас Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы зџьазтә биусҭқәа шьақәыргылоу аԥсуа ар рԥызацәа – Аԥсны Афырхацәа Сергеи Дбар, Сулҭан Сосналиев, Мушьни Хәарҵкьиа, Владимир Аршба ҳаҭырла игәалаиршәеит, рбаҟақәа рымҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит, дхырхәеит.