Владислав Арӡынба ҳаҭырла дыргәаладыршәарц арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, атәыла аԥыза-министр Владимир Делба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аиҳабы Беслан Ешба, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, Ареспублика Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны Арбџьармчқәа рыруаа, аветеранцәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, иҭахаз аибашьцәа ранацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.