Print this page
сегодня 18:08

Лаша Ашәба: «Хашҭра рықәӡамкәа наунагӡа инхоит ҳгәалашәараҿы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра афырхацәа, урҭ рфырхаҵара аҳәынҭқарра ргылараҟны имҩақәҵаганы иҟазаауеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы              Ашәба Лаша Аԥсны жәлар Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рымш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.

«Акыр иаԥсоу 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа! 

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Иахьа, Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рымш азы 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәс хьанҭақәа раан Ҳаԥсадгьыл ахьчаразы игылаз рфырхаҵара, уи ахақәиҭра зхы ақәызҵаз ргәалашәара ахьӡала ҳхырхәоит.

1992 шықәса нанҳәамза 14 рзы жәларбжьаратәи азин анормақәа зегьы еилаганы, Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа Аԥсны Аҳәынҭқарра иақәлеит, мчыла ҳажәлар рымпыҵархаларц. Ишьаарҵәыраз ари аибашьра ҳалҵит Аиааира агарала, ахамеигӡареи, афырхаҵареи аарԥшны, ҳакра иабзоураны. 

Ҳара Ҳаԥсадгьыл азы зхы иамеигӡаз аибашьцәа хьӡырҳәагақәа зегьы хаҭа-хаҭала иаҳгәалашәоит.

Хашҭра рықәӡамкәа наунагӡа инхоит ҳгәалашәараҿы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра афырхацәа, урҭ рфырхаҵара аҳәынҭқарра ргылараҟны имҩақәҵаганы иҟазаауеит. 

Хьӡи-ԥшеи рыгымзааит аԥсадгьыл ахьчаҩцәа!

 

 

 

 

 

 

 

 

 


Read 26 times