«Гхада еиқәыршәоу, насгьы иԥшӡаны ирхиоу ари аҭыжьымҭа, аҭыжьыҩ ихыԥша еизнарҳауеит, уи имаҵзуреи иҭижтьуа атауарқәеи аџьармыкьаҿы рӡыргареи рыдгалареи акыр иацхраауеит. Уимоу – аҭыжьҩи аклиенттә базеи реимадара алнаршоит, аӡырга аҳасабалагьы уахь иналаҵаны.
Анаплакқәа реихьӡынҵа иахьа – ари Аԥсны атауарқәеи амаҵзурақәеи рдунеи аҿы аусуратә еимадара абжьаҵара, аусеицура аҳәаақәа рырҭбаареи аҩныҵҟатәи аџьармыкьа апозициақәа рырӷәӷәареи алзыршо иҭышәынтәалоу абизнес-еимадаҩ акәны иҟоуп.
Аизакхьӡынҵа ацхыраарала иарбанызаалак аилак аҩныҵҟатәи аџьармыкьа алахәылацәа рҿаԥхьа адагьы, ареспублика анҭыҵ иҟоу аахәацәа/ахархәаҩцәа рҿаԥхьа ахӡыргаразы алшара амоуп, - ҳәа иазгәаҭоуп Ахәаахәҭа-ааглыхратә Палата аофициалтә саит аҿы.
17-тәи аизакхьӡынҵа еиҳа аперспективра злоу аусхкқәа – Аԥсны аинформациатә технологиақәа ирызкуп. Аҭыжьымҭа иалагалоуп 1165 наплакы, уи иҳаҩсыз ашықәс азы аасҭа 15 рыла еиҳауп. Урҭ рахьынтә 287 – Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата алахәылацәаны иҟоуп. Иарбоу атираж 1000 екземплиар рҟынӡа инаӡоит.
Аизакхьӡынҵа иара убас Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аофициалтә саит аҿы иҟоу ахатәы електронтә версиагьы амоуп.