Print this page
15.Нанҳәа.2025

Бадра Гәынба С. Дбар ихьӡ зху Аџьынџьтәылатәи еибашьра Амузеи даҭааит.

Аҟәа. Нанҳәамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәааи аветеранцәа-хатәгәаԥхарауаа Сергеи Дбар ихьӡ зху Аџьынџьтәылатәи еибашьра Амузеи иаҭааит.

Урҭ ацәыргақәҵаҟны аибашьратә карикатурақәеи ашаржқәеи рыла ишьақәгылаз аҭыӡқәа ирыхәаԥшит.  Арҭ аусумҭақәа аибашьра ашықәсқәа раан идеологиатә абџьарҵас иҟан. Урҭ Аԥсны актәи Ахада Владислав Арӡынба иаԥиҵаз апропагандеи агитациеи рыҟәшаҟны аԥсуа сахьаҭыхҩцәа иаԥырҵон. 

Гәдоуҭатәи амузеи аҟны зынӡа иҵәахуп 60 инареиҳаны карикатуреи шаржи.

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ас еиԥш ацәыргақәҵақәа аибашьратә хҭысқәеи Аԥсны жәлар иаадырԥшыз афырхаҵареи рхамыршҭра ишацхраауа, урҭ аԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы аҵак ду шрымоу инаҵшьны иазгәеиҭеит. 

 

 


Read 85 times