Print this page
вчера 14:19

Армен Хачатуриани Альдона Ҵкәуеи амузыкатә конкурс «Новая волна» рхы аладырхәраны иҟоуп.

Аҟәа. Нанҳәамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Армен Хачатуриани Альдона Ҵкәуеи Казань ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоу еицырдыруа амузыкатә конкурс «Новая волна» аҿы Аԥсны ахьӡала иқәгылараны иҟоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны акультура Аминистрра. 

Игорь Крутои хаҭала ааԥхьара зиҭаз дара Урыстәылеи аҳәаанырцәтәи атәылақәеи рыиаҵәахәқәа сценак аҿы ирыцқәгылараны иҟоуп.

«Ҳара ҳзы ари насыԥуп, аха убасгьы иҭакԥхықәра дуны иҟоуп – Аԥсны амузыкатә баиара адунеи аларҵәара. Ҳара ҳазгәдууп ҳкультура, ҳбызшәа, ҳенергиа  ас еиԥш зхыԥша дуу асцена аҿы аӡыргара азы иҳауз алшара», - ҳәа ирҳәоит Армени Альдонеи.  

«Новая волна» Казань ақалақь аҿы имҩаԥыслоит нанҳәамза  21- 26 рзы.  

 

 

 


Read 93 times