Print this page
сегодня 21:25

Бадра Гәынба Анхәа ақыҭа даҭааит.

Аҟәа. Нанҳәамза 19 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Анхәа ақыҭа  аинфраструктура аҭагылазаашьеи иҟоу ауадаҩрақәеи реилкаара хықәкыс иҟаҵаны агәаҭаратә ҭаара мҩаԥигеит. Раԥхьа  Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз ақыҭа ауааԥсыра ҳаҭырла игәалаиршәеит.  

Аиааира 30 шықәса ахыҵра инамаданы иргылаз ақыҭаҟнытә иҭахаз рбаҟа ахәҭақәак хыркәшаӡам. Аҳәынҭқарра Ахада адҵа ҟаиҵеит Аиааира амш аҟынӡа аусурақәа рхыркәшаразы.

Анаҩс Аҳәынҭқарра Ахада ақыҭа аиҳарак ӡыла еиқәзыршәо амкьаҭ дахәаԥшны ибеит.  Амкьаҭи аӡымҩангагақәа рыхәҭаки ахьажәыз иахҟьаны аӡы рацәаны ирцәыӡуеит аҟнытә ақыҭауаа рызхара роуӡом, урҭ рырҿыцра аҭахуп. 

Аҳәынҭқарра Ахада Шьаҭанкылатәи аргылара Аусбарҭа аиҳабы Гамсаниа  Демир инапы ианиҵеит иахымгакәа апроект-харџьынҵатә документациа азырхианы аӡеизакырҭа арҽеира нап аркра, иара убас иажәыз аӡымҩангагақәа  рыԥсахра.

Ақыҭа фымцала аиқәыршәара азҵааразы аҭагылазаашьа атәылаҟны егьырҭ ақыҭақәа рҿы ишыҟоу еиԥш, иуадаҩуп. Ахада инаҵшьны иҳәеит ақыҭаҟны иҟоу ихадароу ауадаҩрақәа ашықәс анҵәамҭанӡа ишыӡбахо.

 

 

 

 


Read 68 times - Аҩаша, 19 Нанҳәа 2025 15:00