Print this page
сегодня 21:27

Аԥснытәи ашколхәыҷқәа ауниверситеттә смена апрограмма ала Москваҟа амҩа иқәлеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  29-ҩык Аԥсны аколхәыҷқәа ауниверситеттә смена апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны Москваҟа амҩа иқәлеит. Урыстәылеи Аԥсни рҵара Аминистррақәа рыла еиҿкаау Апрограмма анагӡара  мҩаԥысуеит Урыстәылатәи  аҳәынҭқарратә атуризми асервиси руниверситет аҿы.

«Агәыԥ аҿы 29-ҩык ыҟоуп, аныҟәарақәа мҩаԥысуеит Аԥсни аҵара аминистрреи Урыстәыла аҭҵаарадырреи иреиҳау аҵареи рминистрреи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны. Ахәыҷқәа рзы имҩаԥгахоит акариератә занааҭтәмҩақәҵаразы азыҟаҵарақәа, уи азы ашколхәыҷқәа урыстәылатәи иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭаауеит, астуденттә ԥсҭазаара еилыркаауеит. Уи адагьы, ахәыҷқәа рзы Москва аекскурсиақәа еиҿкаауп», -  ҳәа иазгәеиҭеит Аԥсны аҵара аминистрра ауаажәларра рыбжьара аимадара аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа.

Уи иара убас урыстәылатәи рколлегацәеи дареи русеицура аҳәаақәа ессааира аҽшарҭбаало азы агәыӷра ааирԥшит, Аԥсны ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи рзы апроект ҿыцқәа дрыхцәажәеит.

Алахәылацәа иреиуоу, Гәылрыԥшьтәи абжьаратәи ашкол аҿы аҵара зҵо Сариа Џьарсалиа ари апроект азы лгәаанагара лҳәеит:

«Сара даара сеигәырӷьоит ас еиԥш аныҟәареи Урыстәылатәи  аҳәынҭқарратә атуризми асервиси руниверситет аҭаареи рзы алшара ахьҳауз. Агәра ганы сыҟоуп ҳара зегьы шаҳгәаԥхо, насгьы активла иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа зегьы ҳхы шалаҳархәуа».                 

 


Read 50 times