Print this page
вчера 19:21

Аминистрцәа реилазаараҿы аурыс бызшәеи аԥсуа бызшәеи рырҵаҩцәа руалафахәы ацҵаразы ақәҵара рыдыркылеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 21, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аминистрцәа реилазаараҿы аурыс бызшәеи аԥсуа бызшәеи рырҵаҩцәа руалафахәы ацҵаразы ақәҵара рыдыркылеит.  Убас:

  • Аԥсны аҳәынҭқарратә азеиԥшҵараиурҭақәа рҿы аус зуа аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа цәыббрамза 1, 2025 шықәса инаркны есымза 6000 мааҭ рзацҵахоит.
  • Аԥсны аҳәынҭқарратә азеиԥшҵараиурҭақәа рҿы аус зуа аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа цәыббрамза 1, 2025 шықәса инаркны есымза 5 000 мааҭ рзацҵахоит.
  • Аԥсны аҳәынҭқарратә азеиԥшҵараиурҭақәа рҿы аус зуа аклассқәа напхгара азҭо арҵаҩцәа ракәзар, 1, 2025 шықәса инаркны есымза 1800 мааҭ рызшәалахоит.

Аулафахәы ахь ацҵақәа рызшәахоит аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа 760-ҩык, иара убас, аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа рзы хә-нызқь мааҭ инаӡоу ашәарацҵа иаҵанакит 762-ҩык арҵаҩцәа, ҳәа азгәалҭеит аҵарадырра аминистр Хана Гәынԥҳа.

Атәыла аԥыза-министр Владимир Делба иажәақәа рыла,  аӡбра аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла анапхгареи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа ирылҵшәоуп, уи арҵаҩцәа рыцхыраара, аурыс бызшәа арҵара аҳаҭыр аизырҳара иазырхоуп.

Аԥсны   Аиԥш зеиԥшу адгылара ашколқәа рҿы арҵара-ааӡаратә усура назыгӡо арҵаҩцәа рыцхыраара иазырхоуп.

Аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа руалафахәы ацҵа рызшәара мҩаԥыслоит ареспублика ахатә харџь ала, аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа – иназыцҵоу Урыстәыла афинанстә цхыраара аҟынтәи.

Аԥсахрақәа амч роуеит 2025 шықәса, цәыббра 1 инаркны.

 


Read 49 times