Print this page
сегодня 19:38

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭан Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа шҭеиҵеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амш аҽны Очамчыра араион Џьгьиарда ақыҭан Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь анышә дахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Аԥсны аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара амш аҽны Сергеи Багаԥшь имемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, аԥыза-министр Владимир Дбар, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба,  ареспублика анапхгара, адепутатцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ  Михаил Шургалин, Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Константин Затулин, аветеранцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Бадра Гәынба Сергеи Багаԥшь Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара аус аҿы инаигӡаз иҷыдоу ароль азгәеиҭеит.

«Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи  Уасил-иԥа Багаԥшь иуадаҩыз аҭоурыхтә аамҭазы илшеит ахьыԥшымра амҩа анылара. Иара ихаан ауп Урыстәыла Аԥсны аҳәынҭқарра ахьыԥшымра аназханаҵа. Иара иҟазшьеи, идипломатиатә ҟазареи, ипатриотизмреи ирыбзоураны илшеит ихықәкы анагӡара», — ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.


Read 40 times