Print this page
сегодня 21:24

Бадра Гәынба Аԥсны жәлар ирыдиныҳәалеит Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара 17 шықәса ахыҵра амш.

Аҟәа. Нанҳәамза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны жәлар ирыдиныҳәалеит Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара 17 шықәса ахыҵра амш.

Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ишыжәдыруа еиԥш, жәибыжь шықәса раԥхьа, нанҳәамза 26, 2008 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациа усҟантәи Ахада Дмитри Анатоли-иԥа Медведев Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара азы Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит. Ари амш аҽны ҳҳәынҭқарразы илахьынҵаӡбагәоуаӡбамҭа аднакылеит Урыстәыла ахадара.  

Раԥхьаӡа иргыланы акыр зҵазкуа амш, шьала икәабоу амш, абиԥарала Аԥсны аҵеицәа ззықәԥоз амш рыдысныҳәалар сҭахуп ҳажәлар. Иахьатәи амш пату зқәаҳҵаша, ҳзеиҷаҳаша, ахаҵгылара зҭаху мшны иҟоуп. Абиԥарақәа ирылшо зегьы ҟарҵароуп абри амш ҭоурыхла иаҳҳныҳәа дуны иаанхарц», — ҳәа иҳәеит атәыла Ахада.

Нанҳәа 26 рзы ареспубликаҿы иазгәарҭоит Аԥсны Ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш. Усҟан Урыстәыла ахадас иҟаз Дмитри Медведев Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи разхаҵаразы Аусԥҟа инапы аҵеиҩит.

Иахьатәи амш азы Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵахьеит – Урыстәылатәи Афедерациа, Никарагуа, Венесуела, Науру, Вануату, Тувалу, Шьамтәыла, ЛЖәР.

 


Read 28 times - Аҩаша, 26 Нанҳәа 2025 15:51