Аделегациа иара убас иалахәуп аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб, акультура аминистр Даур Ақаҩба, адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Иракли Ҭыжәба, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет жәларбжьаратәи аимадарақәеи аекономикатә зҵаарақәеи рзы апроректор Максим Ӷәынџьиа, Аҳәынҭқарратә инвестициатә маҵзура аспециалист хада Саид Сангәлиа, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Ааигәа Мрагылареи Африкеи рдепартамент аиҳабы Артур Гагәылиа.
Аԥснытәи аделегациа Шьамтәылатәи аҳаирбаӷәазаҿы ирԥылеит аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али напхгара зиҭоз Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аусуҩцәа.
Аԥснытәи аделегациа Шьамтәыла имҩаԥысуа 62-тәи Дамасктәи Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа иалахәхоит Шьамтәыла Анапхгареи атәыла Ахада Аҳмад аль-Шарааи рааԥхьарала. Аусмҩаԥгатә нанҳәамза 27 рзы имҩаԥгахоит.