Print this page
сегодня 22:43

Аԥснытәи аделегациа Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа иаҭааит.

Аҟәа. Нанҳәамза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аделегациа  Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа иаҭааит Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али иԥылеит.

Аиԥылараҿы ирылацәажәеит нанҳәамза 27 рзы иаатуа 62-тәи Дамасктәи жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа аҿы Аԥсны апавилион аусуреи уи аҽазыҟаҵареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аԥсны-шьамтәылатәи аҳәынҭқаррабжьаратәи аусеицура азҵаарақәа рылацәажәара аконтекст аҿы аҩганк рзы аинтерес зҵоу еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы аизыҟазаашьақәа рырҿиара иаҵоу аҵакы ахадара инаҵшьны иазгәаҭан.  

Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа аилазаараҿы иара убас иҟоуп аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб, акультура аминистр Даур Ақаҩба, адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Иракли Ҭыжәба, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет жәларбжьаратәи аимадарақәеи аекономикатә зҵаарақәеи рзы апроректор Максим Ӷәынџьиа, Аҳәынҭқарратә инвестициатә маҵзура аспециалист хада Саид Сангәлиа, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Ааигәа Мрагылареи Африкеи рдепартамент аиҳабы  Артур Гагәылиа, акультура Аминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Ҭамара Ачԥҳа.

 

 


Read 41 times