Print this page
01.Цәыббра.2025

Бадра Гәынба Вениамин Кондратиев 55-шықәса ихыҵра идиныҳәалеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Бадра Гәынба Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор Вениамин Кондратиев 55 шықәса ихыҵра идиныҳәалеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

 Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Вениамин Иван-иԥа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит 55 шықәса шәхыҵра арыцхә!

Ҷыдала иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп Аԥсны иашәҭо адгыларазы, иҳашәҭо азҿлымҳаразы, агәылараеимабзиаратә еимадарақәа рырӷәӷәара иашәҭо ахылаԥшразы.

Аԥсни  Ҟәбинеи ахаангьы аԥхарра, аилибакаара, лыҵшәазмоу аусеицура рыбжьан, Шәара хаҭала шәроль абри аус аҟны ахә ҳаракны иаҳшьоит. 

Шәара шәнапы злаку аус Аԥсадгьыл амаҵ аура, Ҟәбина ахыԥшеи аҿиареи рырӷәӷәара иазкуп. 

Шәара шәгәамч, иныҟәыжәго аҭакԥхықәра, аҟәыӷара арегиони Урыстәыла зегьи рзы ҿырԥшыга бзианы иҟоуп.  

Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, анасыԥ, еицакра зқәым агәамч, аихьӡара ҿыцқәа Краснодартәи атәылаҿацәи Урыстәылатәи Афедерациеи реизҳазыӷьаразы имҩаԥыжәго аусураҟны, ҳажәларқәа реиҩызара арӷәӷәараҟны». 

 

 


Read 266 times - Аҩаша, 02 Цәыббра 2025 11:46