Аобиектқәа зегьы рҿы аспециалистцәа ахкқәа ралхра мҩаԥыргеит. Ахкқәа зегьы алабораториахь идәықәҵоуп, агәаҭара алҵшәақәа ааигәа еилкаахоит.
«Ахархәаҩцәа рзин ахьчара – ҳҿаԥхьа иқәгылоу ахыдҵақәа иреиҳауп, – ҳәа иҳәеит Нарсоу Сангәлиа. – Ҳара аусдкылаҩцәа рахь анаплакы аартра аламҭалазы, мамзаргьы анаплакы аусура иалагаанӡа Аҳәынҭстандарт, асертификациа аҟәша ахь иадҵаалаларц азы абжьгара ҟаҳҵоит. Ихымԥадатәиу асертификациа анаҩс Аҳәынҭстандарт аусдкылаҩ абжьгаратәии иахәҭоу атехникатә документациа аиқәыршәареи рҿы ацхыраара инаҭоит».
Аҳәынҭстандарт анапхгаҩы иажәақәа рыла, Аилак аусзуҩцәа инеиԥынкыланы аинспекциа амҩаԥгаразы ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рахь ицоит.
«Уи, жәаҳәарада, алҵшәақәа аанарԥшуеит. Иазгәасҭарц сҭахуп хра злоу атенденциақәа. Ауаа еилыркаауеит иахәҭоу азинҭаратә усшәҟәқәа рыда ахәаахәҭратә усура амҩаԥгара шыҟамло», -ҳәа иҳәеит иара.
Уи иара убас иазгәеиҭеит Аҳәынҭстандарт шықәсык ала Аԥсны иҟоу ахәаахәҭратәи азеиԥш крыфара аобиектқәа зегьи рҟынӡа анаӡара шалымшо, убри рхы ишадырхәо џьоукы-џьоукы зыламыс кьаҿу аусдкылаҩцәеи анаплакыҩцәеи.
«Ҳара - акурорттә, атуристтә тәылоуп. Арахь иаауеит хыԥхьаӡара рацәала атуристцәа. Ҳара азин ҳамаӡам зхаҭабзиара лаҟу атауар рыдгалара», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.