«Ҳаҭыр зқәу еизаз зегьы, арҵаҩцәа, аҵаҩцәа, аҭаацәа! Иахьа ҳтәылаҿы иазгәарҭоит иҷыдоу аныҳәа. Ари амш аҽны иазгәарҭоит ихадоу ахҭысқәа. Раԥхьа иргыланы, жәаҳәарада, уи аҵарашықәс ҿыц алагара, актәи акласс ахь зшьаҿа еихызго рзы игоит раԥхьатәи аҵәҵәабжьы, илабадыруеит раԥхьатәи рырҵаҩы. Иахьа Ареспублика Аԥсны иахьаҵанакуа актәи акласс ахь ицоит ҩ-нызықьҩык инареиҳаны ахәыҷқәа. Иахьа ҳазҭааз, аԥсуа литература иналукааша ахаҭарнак, апоект, арҵаҩы Кьаршал Чачхалиа ихьӡ зху еицырдыруа ашкол раԥхьаӡа акәны ашәқәа аанартуеит жәаҩык актәи акласс ахь ицо аҵаҩцәа рзы.
Дара рзы иахьа адыррақәеи алшара ҿыцқәеи рахь иҿыцу амҩа аатуеит. Ирзеиӷьасшьарц сҭахуп раԥхьа иргыланы агәабзиара, агәамч, аихьӡарақәеи аманшәалареи. Агәра ганы сыҟоуп урҭ иахәҭоу аҩаӡараҿы ртәыла ахаҭарнакра анагӡара шрылшо.
Аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәа рзы - ари ашықәс, ҳәарада раԥхьаҟа иалырхуа азанааҭи, ԥхьаҟатәи рыԥсҭазааратә мҩеи рзы акыр зҵазкуа аамҭаны иҟалоит. Агәра ганы сыҟоуп иахьатәи актәи акласс ахь ицо ахәыҷқәа реиԥш, ҳаԥхьаҟа ашкол иалгараны иҟоугьы Ҳаԥсадгьыл иаҵеи иашаны ишыҟало.
Ҳаҭыр зқәу аҭаацәа, ҷыдала шәара шәахь схы рханы ачҳареи алшареи шәзеиӷьасшьарц сҭахуп. Шәара хымԥада ҳаԥхьаҟа шәхәыҷқәа шәрызгәдуны шәҟалоит. Шәара арҵаҩцәа шәрывагыланы еиҵагыло абиԥара рааӡараҿы шәлагала дууп.
Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа, шәнапы злаку аус аҿы ижәбо шәџьабаа ахә ашьара акыр иуадаҩуп. Шәара шәоуп иаашәырԥшуа ачҳареи, гәык-ԥсыкала шәус азыҟазаареи ирыбзоураны иахьа ахәыҷқәа адыррақәа инаваргыланы ааӡара бзиа роуртә, атәылауаҩ иашаны иҟалартә еиԥш Аԥсадгьыл абзиабара рылаазааӡо.
Ҳаҭыр зқәу аҵаҩцәа, даҽазныкгьы аҵараҿы ақәҿиарақәа , аихьӡара ҿыцқәа шәзеиӷьасшьарц сҭахуп. Мҩамш шәанылааит!», - ҳәа иҳәеит Владимир Делба.
Аԥыза-министр иара убас дырҭааит Ҭҟәарчалтәи ашколқәа №2, №4.
Источник: https://apsnypress.info/ru/home/novosti/item/17080-premer-ministr-vladimir-delba-v-den-znanij-posetil-tri-shkoly-tkuarchala.
© АПСНЫПРЕСС.