Print this page
01.Цәыббра.2025

Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу аҵаҩцәа, арҵаҩцәеи аҭаацәеи аҵарашықәс ҿыц алагара рыдылныҳәалеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳа аҵаҩцәа, арҵаҩцәеи аҭаацәеи Адыррақәа Рыши аҵарашықәс ҿыц алагареи рыдылныҳәалеит.

«Цәыббрамза 1 – ҳара зегьы ҳзы иҷыдоу мшуп. Ари амш агәыӷрақәеи агәазыҳәарақәеи рыла игәылҭәаауп, аҩызцәа, арҵаҩцәа рԥылара иамшуп, иҿыцу адыррақәеи аихьӡарақәеи рахь амҩа аазыртуа мшуп.

Ҷыдала актәи акласс ахь раԥхьаӡа зшьаҿа еихысхыз ахәыҷқәа рахь схы рханы срыдныҳәаларц сҭахуп. Ҳаҭыр зқәу ахәыҷқәа, иахьа шәара шәзы иалагоит адыррақәа рдунеи ахь уагәылазхало аԥсҭазаара. Уи агәырӷьареи аинтереси ацзааит!

Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп зегьы раԥхьаӡа иргыланы агәабзиара, аҵараҿы ақәҿиарақәа, аихьӡара ҿыцқәеи аманшәалареи! Ари аҵарашықәс хра злоу аамҭаны шәгәалашәараҿы иаанхааит!» - ҳәа иаҳәоит аомбудсмен иҟалҵаз адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.

 


Read 177 times - Аҩаша, 02 Цәыббра 2025 14:17