Print this page
05.Цәыббра.2025

Атәымтәылауаа Аԥсны атаксиқәа рныҟәцаҩцәас аусура азин рырҭаӡом.

Аҟәа. Цәыббрамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Абар шьҭа ҩымш рыҩныҵҟа Ахақәиҭра Ашҭаҿы аилазаара «Гаруда-Экспресс» амашьынарныҟәцаҩцәа аусура иҭымҵкәа амигрантцәа аус ахьыруа азы агәынамӡара аадырԥшуеит. Урҭ ауаа рҟынтәи аҿаҵарақәа рыдкылара мап ацәыркит, амигрантцәа атаксиныҟәцаҩцәас аус рымуроуп ҳәа адҵа ықәдыргылеит, избанзар урҭ дара рԥарарҳара иаԥырхагоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит.

Агәынамӡара аазырԥшыз ауаа рахь инеит Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрбеи аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаби.

Аминистр еизаз иреиҳәеит Ареспублика аекономика аминистрра, нанҳәамза 27 рзы Аҳәынҭқарра Ахада аминистрцәа Реилазаара ириҭаз анапынҵа инақәыршәаны азакәанԥҵарахь аиҭакрақәа ралагалара азырхиара иаҿуп ҳәа.  

«Атәымтәылауаа Аԥсны атаксиқәа рныҟәцаҩцәас аусура азин рырҭом. Ареспублика аекономика аминистрра, нанҳәамза 27 рзы Аҳәынҭқарра Ахада аминистрцәа Реилазаара ириҭаз анапынҵа инақәыршәаны азакәанԥҵарахь аиҭакрақәа ралагалара азырхиара иаҿуп. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба нанҳәамза 27 рзы аиҳабыра реиԥылараҿы аминистрцәа Реилазаара анапынҵа риҭеит апассаџьырцәа рныҟәгараз алицензиа аҭара иадҳәалоу азакәанԥҵараҿы аиҭакрақәа аларгаларазы, иара убасгьы Аԥсны атәылауаа рымацара ракәхоит атаксиныҟәцаҩцәас аусура зылшоны иҟало. Аԥыза-министр иҭижьыз ақәҵарала ажәалагалақәа ралагалара азы аҽҳәара жьҭаарамза  10 аҟынӡа иркьаҿит. Ҳусзуҩцәа уи рнапы алакуп, апроектгьы маҷк ада еиқәыршәоуп. Иааиуа амчыбжь азы ҳажәалагалақәа рхианы атәыла Анапхгарахь ахәаԥшразы адгалара мҩаԥаагараны ҳаҟоуп», -ҳәа адырра ҟаиҵеит аминистр Ҭеимураз Амқәаб

Ҭеимураз Амқәаб иажәақәа рыла, аусшәҟәы жьҭаарамза  10 рҟынӡа ақәыршаҳаҭра иахысны аԥыза-министр иахь идәықәҵахоит.

«Убас ала, аиҭакрақәа анышьақәырӷәӷәахалак азинмчы роуеит, иара убри ала шәара шәызҵаарагьы аӡбара алнаршоит», – ҳәа иҳәеит аминистр.

Аҟәа ақалақь ахада убасҵәҟьа ирҵабыргит, апассаџьырцәа автомашьынатә транспорт ала рныҟәгараз алицензиа аҭара иадҳәалоу азакәанԥҵараҿы Аԥсны атәылауаа рымацара атаксиныҟәцаҩцәас аусура зылшоны иҟало ҳәа ахьазԥхьагәаҭахо аиҭакрақәа аларгаларазы ажәалагалақәа шеиқәыршәахо.. 

«Аҳәынҭқарра Ахада атәыла Анапхгарахь  анапынҵақәа ҟаиҵеит абҵарамза 10 аҟынӡа ажәалагалақәа  реиқәыршәара алыршазарц азы. Сара иахьынӡаздыруа, урҭ еиҳа заа, жьҭаарамза 10 аҟынӡа ирхиахоит», - ҳәа иҳәеит Ҭемыр Агрба.

Уи иара убас, Аҳәынҭқарра Ахада урҭ зыргәамҵуа азҵаара еилкаарыла дшазнеиуа азгәеиҭеит.  

«Саргьы шәара сшәыдгылоит. Сара сгәаанагарала, ари азҵаара хара имгакәа иӡбахоит», - ҳәа иҳәеит Ҭемыр Агрба.

 

 

 

 


Read 82 times