Print this page
вчера 15:22

Аҳаирплан "Ан-2"аиҭашьақәыргылара ашьҭахь аԥышәаратә ԥырра нанагӡеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Рашәарамза, 2025 шықәса рзы Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Ԥсҳәы ақыҭеи «адгьыл дууи» рыбжьара аҳаиртә еимадара аиҭашьақәыргыларазы анапынҵа ҟаҵеит. Абар, иахьа, ахырхарҭарацәатә иласу аҳаирплан «Ан-2» аиҭашьақәыргылара ашьҭахь аԥышәаратә ԥырра нанагӡеит, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит АУН «В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа»» адиректор Заур Ешба.

«Иахьа ари аҳаирплан аԥышәаратә ԥырра нанагӡеит. Ҳара аҳаирплан арныҟәага аусуратә режимқәа зегьы рҿы аԥырратә лшарақәа, аруль аусушьа гәаҳҭон. Аԥырраан изеиԥшразаалак уадаҩрак цәырымҵӡеит. Аԥырра иахәҭоу аҩаӡараҿы имҩаԥысит», – ҳәа иазгәеиҭеит Заур Ешба.

Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгараан, Заур Ешба иажәақәа рыла иамхны ирҽеин  20 инарзынаԥшуа  аҳаирплан амаҭәахәқәа.  

«Иамхын амҵәыжәақәа, аелеронқәа, амҵәыжәҩақәа рыҵақәа, аҭышәныртәалагақәа (астабилизаторқәа), аҳаракыра  аԥсҟы, ахырхарҭа аԥсҟы, уҳәа убас иҵегьы.  Уи зегьы иԥырганы ҿыц еибыҭаны, еиҭашьақәыргыланы еибаҳҭеит. Мҽхакы ҭбаала аусура нагӡан. Ари ашьҭахь аԥыррахь инаҳашьҭраны иҟоуп аҩбатәи аҳаирплан «Ан-2», уи  аиҭашьақәыргылара ҳалагахьеит», –  ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Аҳаиртә техника аиҭашьақәыргыларазы иаҭахыз аԥаратә хархәагақәа иԥшааит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба.

Заур Ешба иара убас ааигәа ашьха иаԥну Ԥсҳәы ақыҭахь ареис нагӡахоит ҳәа адырра ҟаиҵеит.


Read 171 times