Print this page
вчера 20:32

Ақәыршҩы иахҟьаны Аҟәа ақалақь аҿы аҭагылазаашьа шыуадаҩыц иаанхоит.

Аҟәа. Цәыббрамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы аҭагылазаашьа шыуадаҩыц иаанхоит, ҳәа адырра ҟаиҵеит аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба.

«Аӡы рықәлеит ақалақь агәы аҿы иҟоу амҩақәеи ихадоу амҩадуқәеи. Џьара-џьара асветофорқәа аусура иаҟәыҵит, уи иахҟьаны амҩақәа рҿы аиԥынчылара ҟалеит. Аӡы рықәлеит аихамҩа ахысырҭақәа, убри иахҟьаны ақалақь аҿы автомашьынақәак ӡааҟәрылеит», - ҳәа иҳәеит Ҭемыр Агрба.

Аҳҭнықалақь Ахадара ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит џьара ԥсыхәа змам уск азы ада ақалақь агәахьы имцарц.

«Ҳара амш шааилгалакгьы аԥсабаратә цәырҵра бааԥс ахҟьаԥҟьақәа рықәгара ҳалагоит. Аусуцәа аусура алагара иазхиоуп, ҳаргьы араионқәа рҟынтәи инацҵаны атехника адаҳгалоит», - ҳәа иазгәеиҭеит Ҭемыр Агрба.


Read 65 times