Print this page
вчера 21:14

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Гагра араион ахь аусуратә ҭаара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Гагра араион ахь аусуратә ҭаара мҩаԥигеит.

Аҳәынҭқарра Ахада  иусуратә ныҟәара хацыркын Бзыԥ аҳабла абжьаратәи ашкол №1 аҭаарала, араҟа имҩаԥысит аспорттә зал ҿыц аартра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә. Аспорттә зал ҿыц дыргылеит Гагра араион Ахадара ахарџь ала. Уажәы ашкол аҿы аҵара рҵоит  518-ҩык ахәыҷқәа.

Аспорттә зал ҿыц аартра иазкыз аныҳәатә церемониа рхы аладырхәит аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа, араион ахада Иури Ҳагәышь, Жәлар Реизара-Аапарламент адепутатцәа Алхас Барцыци Ҭемыр Беииеи.

Еизаз рҿаԥхьа дықәгыло, Аҳәынҭқарра Ахада аспорти абаҩарҵәыреи рыҿиара еиҵагыло аҿар рааӡараҿы иаҵоу аҵакы ахадара инашьны иазгәеиҭеит.

Бадра Гәынба аԥхьаҟа ипатриотхараны иҟоу абиԥарақәа рааӡара иаҿу арҵаҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит, иара убас аспорттә обиектқәа реиҭашьақәыргылареи рыргылареи рҿы араион Администрациа алшамҭақәа азгәеиҭеит. 

Аҵара аминистр Гәынба Хана илҳәеит аҵаҩцәа ганрацәала рыҿиаразы аспортзал ҿыц аартра акрызҵазкуа шьаҿаны ишыҟоу.  

Анаҩс Ахада даҭааит ашкол ахыбраҟны иҟоу Бзыԥ ақыҭа иалҵыз иҭахаз Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ирызку амузеии аетнографиатә музеии.

Аҳәынҭқарра Ахада иара убас актәи акласс аҵаҩцәа рурок ахьцоз дыҩнаԥшит, аҵаҩцәа дрыҿцәажәеит.

 


Read 60 times - Ахаша, 10 Цәыббра 2025 16:45