Ашәҟәы атекст аҿы ҷыдала иазгәаҭоуп:
«Ари амш, 2009 шықәса цәыббра 10, иахьатәи ҳҳәынҭқарра аҭоурых аҿы акырзҵазкуа рыцхәны иҟоуп. Аԥсны гәахәара дула иргәаладыршәоит Аԥсны аҩыза ду, аԥхьагыла иаша Уго Рафаель Чавес Фриаса зыхьӡала дықәгылаз Боливариантәи Ареспублика Венесуела анапхгара Аԥсны ажәлар ахалахатәҳәаақәҵаразы рҭоурыхтә гәаҳәара адгыларазы аӡбра ирыдыркылаз.
Аамҭа маҷк иалагӡаны ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара ишьақәгылеит аҳаҭыреиқәҵареи агәреибагареи шьаҭаны измоу аиҩызаратә ҟазшьақәа. Ҩ-ганктәи аҳәынҭқарратә еинырра азҵаарақәа рҿы аилибакаара ҳамоуп, ҳпозициақәа еиқәшәоит.
Аԥсны анапхгареи ажәлари Боливариантәи Ареспублика Венесуела анапхгара ҵыхәаԥҵәара змам аҭынчра аргылара иазынархоу рырҿиаратә ус адгылара арҭоит, иадгылоит ихьыԥшым аҿиаразы рзин аҳаҭырқәҵара шьаҭас измоу ажәларқәа рхьыԥшымреи рсуверенитети. Ҳтәылақәа еиднакылоит аҭынчра ҵаҵӷәра азызуа адәныҟатәи аполитика амҩаԥгареи, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҿы асуверентә ҳәынҭқаррақәа рганахь ала ақәыӷәӷәарақәа мап рыцәкреи.
Ари, акыр иуадаҩу аамҭазы, ҳара Боливариантәи Ареспублика Венесуела анапхгара жәаҳәарада ҳрыдгылоит. Агәра ганы ҳаҟоуп, аибашьра ацәыршәареи адәныҟатәи аполитикатә қәыӷәӷәара дуқәеи Венесуела ажәлар ракзаареи рдоуҳатә гәамчхареи рԥыргара шрылымшо.
Ҳаҭыр ду зқәу, шықәсырацәалатәи ҳҳәынҭқаррабжьаратә еинырра иаанарԥшуа аусеицура алшара бзиа шьаҭас иҟаҵаны, ҳара ҳазхиоуп ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара астратегиатә еиҩызара анаҩстәи аҿиараҿы зегь рыла ацхыраара аҭара».