Print this page
вчера 5:26

Ԥсҳәы ақыҭан асовет еибашьцәа рбаҟа аадыртит.

Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа араион аҿы ашьха иаԥну ақыҭа Ԥсҳәы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаан Санчаратәи ашьхахыҵырҭаҿы иҭахаз 12-ҩык асовет еибашьцәа рбаҟа аадыртит.

Абаҟа аартра иазкыз аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, уи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-маиор Давид Бжьаниа, Аҟәа араион Ахадара ахаҭарнакцәа, аҭыԥантәи ауааԥсыра.

Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ, аинрал-маиор Давид Бжьаниа ари ахҭыс аҭоурыхтә ҵакы амоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Кавказ ахьчаҩцәа рыԥсҭазаара ахҭынҵаны ирылшеит аӷа иҿагылара. Ҳара ахаангьы иаҳхашҭуам Аиааира аагараҿы Аԥсны иреиӷьыз аԥацәеи аԥҳацәеи рхы шахҭнырҵаз», — ҳәа иҳәеит Давид Бжьаниа.

Ашьха иаԥну ақыҭа Ԥсҳәы – Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡааан анемец мпыҵахалыҩцәа Аԥсны иааныркылаз аиланхарҭатә ҭыԥ заҵәык акәын.  Ар Ҟаԥшь аӷа ӷәӷәала иҿагылеит.

Абаҟа аартра азкын ақыҭа афашисттә мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахақәиҭтәра амш. Иҭахаз аруаа рыԥсыбаҩқәа ԥшааны 1963 шықәсазы ақыҭа агәҭаҿы аиашьаратә ԥсыжырҭаҿы анышә иамардеит.

 


Read 32 times