Print this page
вчера 17:44

Аҳәынҭқарра Ахада аҳҭнықалақьи ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба атәыла аԥыза-министр Владимир Делба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, иара убас аҳҭнықалақьи ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аилатәараҿы абарҭ азҵаарақәа ирылацәеит:

  • ааигәа иҟалаз аӡхыҵра ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра;
  • агәамсами икьакьоу абзазаратә црыҵқәеи рықәгара;
  • имҩаԥысраны иҟоу аҭыԥантәи ахаланапхгара аусбарҭақәа рахь алхрақәа рҽазыҟаҵареи рымҩаԥгара аиҿкареи.

Аҳәынҭқарра Ахада аекологиатә шәарҭадара Аԥсны анапхгара азы аусура  ихадоу ахырхарҭаны иҟоуп, агәамсам ақәгара иадҳәалоу аусура еффективла анагӡара —ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭаларц шахәҭоу азгәеиҭеит. Уи иара убас анапынҵа ҟаиҵеит ашҭақәеи, амҩадуқәеи, ацҳақәеи, ашьаҟатә ҭыӡқәеи ргәаҭаразы, ааха зауз араионқәа рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа иаарласны аҳасабырба ҟарҵарц, ааха зауз аҭыԥқәа реиҭашьақәыргылара амҩаԥысшьа хаҭала дшырхылаԥшуа иҳәеит.

«Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп ҳтәылауааи Аԥсны иаҭаауа асасцәеи рекологиатә шәарҭадара ашьақәыргыларазы», — ҳәа иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба.

Икьакьоу абзазаратә црыҵқәа рықәгара аганахьала аԥышәеимадаразы аилатәарахь ааԥхьара рыҭан  Шәачатәи анаплакқәа руак ахаҭарнакцәа.  Урҭ  ацрыҵқәа рықәгареи аус рыдулареи аганахьала қәҿиарала рхы иадырхәо аметодқәа ирылацәажәеит, шықәсык ала 4 млн  кубометр аҟынӡа ацрыҵ аус адулара мҩаԥыргоит ҳәа иазгәарҭеит.

Аҳәынҭқарра Ахада аԥыза-министр Владимир Делбеи Гагра араион ахада Иури Ҳагәышьи анапынҵа риҭеит агәамсам ақәгаразы шәачатәи аилахәыреи дареи Гагра араион аҿы агәаҭаратә проект алагара аус адуларазы.

Апроект аекологиатә нормақәа зегьы ирықәшәо иҟалароуп, ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа Аҳәынҭқарра Ахада ақәыршҩы иахҟьаны аҭыԥқәа рҿы иҟалаз аԥхасҭа азы адырра ирҭеит. Еиҳа ааха зауз Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони Гәылрыԥшь араиони роуп.

Аҭыԥантәи ахадацәа амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа рықәгареи аинфраструктура аиҭашьақәыргылареи рзы инагӡахо аусура азы аинформациа ҟарҵеит.

Бадра Гәынба ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа ирыдиҵеит ааха зауз араионқәа рҿы шҭацыԥхьаӡа, ҩнаҭацыԥхьаӡа инеины иҟоу аҭагылазаашьа агәаҭара алдыршарц, азарал зауз ауааԥсыра излауа ала ирыцхраарц.

Аҳәынҭқарра Ахада иааиԥмырҟьаӡакәа иҟоу аҭагылазаашьа азы адырра ирҭаларц адҵа ҟаиҵеит. Уи ааха зауз аҵакырақәа оперативла, еффективла реиҭашьақәыргыларазы ауснагӡатәқәа рымҩаԥысшьа хаҭала ахылаԥшра шаиҭало азгәеиҭеит.

Бадра Гәынба Шьаҭанкыла аргылара Аусбарҭа ахь аԥхасҭа зауз амҩақәа, аиҳарак  ацҳақәеи  ашьаҟатә ҭыӡқәеи ргәаҭаразы адҵа ҟаиҵеит.

Аҳәынҭқарра Ахада ирласны аҭагылазаашьа аилкаара, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа оперативла разԥхьагәаҭареи ааха зауз араионқәа рҿы атранспорттә еимадара аиҭашьақәыргылареи рзы акырӡа аанагоит ҳәа  иазгәеиҭеит.  

Аҳәынҭқарра Ахада ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа злахәыз аусуратә еилатәара аҿы иара убас аҭыԥантәи ахаланапхгаратә Усбарҭарақәа рахь алхратә процесс аиҿкааразы адҵақәа риҭеит. Аҭыԥантәи ахаланапхгаратә Усбарҭақәа рахь алхрақәа мҩаԥысуеит 2025 шықәса абҵарамза 8 рзы.

 

 

 

 

 

 


Read 70 times