Print this page
вчера 19:26

Ақәаршҩы иахҟьаны аԥхасҭа зауз Аҟәа ауааԥсыра рҟынтәи 100 инареиҳаны азыҳәақәа ақалақь Ахадарахь инашьҭуп.

Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Цәыббрамза 9 рзы иҟалаз ақәаршҩы  иахҟьаны аԥхасҭа зауз Аҟәа ауааԥсыра рҟынтәи 100 инареиҳаны азыҳәақәа ақалақь Ахадарахь инашьҭуп.

Шьыжьы инаркны, цәыббрамза 10 рзы, Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба инапынҵала, апрофильтә специалистцәа  ақәыршҩы иахҟьаны ааха зауз Аҟәа ақалақь амҩақәеи ашҭақәеи аҩнеихагылақәеи ирҭааны рҭагылазаашьа ахәшьара арҭоит.  

Аҩнусбарҭақәа рхадацәа ауааԥсыра арзаҳалқәа реиқәыршәараҿы ирыцхраауеит. Иахьатәи амш азы аԥхасҭа зауз Аҟәа ауааԥсыра рҟынтәи 100 инареиҳаны ацхырааразы азыҳәақәа ақалақь Ахадарахь инашьҭуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара апресс-маҵзура.

«Уажәы иааԥшуп 54 инарзынаԥшуа ахатәы ҩнқәа аӡы рыҩналеит, аҩнеихагылақәа рҿы 65 уада ахыб икылсыз ақәа рыҩны иҩналеит. 23 аҩнеихагылақәа  ақәыршҩы иахҟьаны ааха роуит. Рыцҳарас иҟалаз ахыбқәа реиҳарак ааигәа иҟаҵаз роуп, аха урҭ иаӷьны иауаз ақәыршҩы  рзаанымкылеит.

Ирацәоуп ауадарацәа змоу аҩнқәа рҿы инхо ауаа рҟынтәи арзаҳалқәа. Анаатә иахҟьаны аҭӡеибгабжьаратә еиԥшьырҭақәа аӡы рыбжьалеит, уи ауаа руадақәа ирыҩналеит.

Уажәы ақалақь Ахадара амчала ақәыршҩы иахҟьаны иҟалаз ахҟьаԥҟьақәа рықәгара иаҿуп. Ааха зауз анхарҭақәеи ахатәы ҩнқәеи рыла адефекттә актқәа ҳәа изышьҭоу аԥхасҭазы ашәҟәқәа шьақәыргылахоит», - ҳәа иҳәеит ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба.

Аҟәа ақалақь анхамҩатә усбарҭа аиҳабы Руслан Аҩӡба  ишеиҭаиҳәаз ала, ашьаҟатә ҭыӡқәа еилаҳаит, 6-тәи ашколи Ақалақьтә хәшәтәырҭеи рхыбқәа ааха роуит. Аԥхасҭа аԥыхразы аусура иацҵоуп, аԥхасҭазы ашәҟәқәа реиқәыршәара иаҿуп.

 


Read 52 times