Алхас Кәыҵниа асас бзиала уаабеит ҳәа иаҳәо уи аԥснытәи урыстәылатәи ашәҟәыҩҩцәа рыбжьара аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара аҿы илагала ду азгәеиҭеит. Уи иара убас Владимир Делба иҭабуп ҳәа еиҳәеит апубликациақәеи аҿар арҿиаратә проектқәа радыԥхьалареи рзы.
Владимир Делба Адунеизегьтәи ашәҟәыҩҩцәа реиҿкаара аҿы иусура атәы далацәажәеит, иара убас Москва имҩаԥысраны иҟоу, аԥснытәи алитераторцәагьы злахәхо Адунеизегьтәи ауаажәларратә ассамблеиа атәы еиҭеиҳәеит. Иара ирҿиаратә гәҭакқәа ртәы еиҭеиҳәеит.
Аиԥалара аҟазшьа ҷыда аанахәеит Москва усуратә визитла иаҭааз Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц ари аиԥылара дахьалахәыз иабзоураны.
Олег Барцыц, Владимир Делба ирҿиара ибзианы идыруеит, уи ашәҟәыҩҩы арҿиамҭа ҿыцқәа раԥҵараҿы ақәҿиарақәа изеиӷьаишьеит, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара акульуратә еимадара арӷәӷәара аҿы иара инаигӡо арольгьи инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Аиԥылара ахыркәшамҭаз ашәҟәыҩҩы аиԥылара иалахәыз зегьы гәаларшәагаз ишәҟәқәа ҳамҭас ириҭеит.